Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин Ердоган изеиҭеиҳәеит Украина аоперациа ҷыда амҩаԥысшьа атәы

Жәабран 24 рзы Донбасстәи ареспубликақәа рыхьчара хықәкыс иҟаҵаны аҳәара иҟарҵаз ала Украина абџьарахыхразы Урыстәыла иҷыдоу арратә операциа иалагеит
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таиип Ердоган изеиҭеиҳәеит Донбасс ахьчараз имҩаԥиго иҷыдоу арратә операциа амҩаԥысшьа атәы амҽыша ҭелла ианеицәажәо, абри атәы аарыцҳауеит Кремль асаит аҟны.
Путин рыӡбахә иҳәеит украинатәи акризис апринципиалтә знеишьақәеи ахәшьарақәеи, иара убас аоперациа ҷыда ахықәкы хадақәеи анапынҵақәеи инарҭбааны дырзааҭгылеит, иазгәеиҭеит рус аплан инақәыршәаны, иазԥҵәоу аҿҳәарақәа рыҽҭагӡаны ишымҩаԥысуа.
Урыстәыла ахада инаҵшьны иҳәеит аурыс арбџьармчқәа ирылшо зегь шыҟарҵо аҭынч уааԥсыра реиқәырхаразы, рыԥсҭазаара ашәарҭара аҭамыргыларазы, икылкааны ишреихсуа арратә инфраструктура аобиектқәа, убри аан украинатәи амилаҭеилыхратәи неонацисттәи еиҿкаарақәа Донбасс еихсыӷьрада ишалахысуа азгәеиҭеит, украинатәи ақалақьқәеи аиланхарҭақәеи рҿы иқәынхо ауааԥсыра ԥыракыс ишыҟарҵо, уи азы аҳәаанырцәуаагьы шасыс иганы ишрымоу.
Путин иазгәеиҭеит урыстәылатәи аган шазыхиоу украинатәи аиҳабыреи дареи аимак аҭышәныртәаларазы арацәажәара. Убри аан инаҵишьит "аиҿцәажәарақәа рахырԥара ҽеи ахь ишкылнамго, уи рхы ишадырхәо рымчқәеи реибашьцәеи реизгаразы".
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин: Украина арратә инфраструктуреи аҳаиртә хыхьчара асистемақәеи реиҳарак ықәаҳхит
Аоперациа ҷыда аанкылахар алшоит Киев аибашьра иаҟәыҵны Урыстәыла иқәнаргыло адҵақәа нанагӡар, абас аҳәоит Кремль аҳәамҭаҟны.
Урыстәылатәи аган азхиоуп аиҿахысрақәа ахьцо араионқәа рҟны инхо аҭырқәа уааԥсыра ралгара аус аҟны ацхыраара.
Путин агәыӷра ааирԥшит имҩаԥысраны иҟоу аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу араунд аан Украина ахаҭарнакцәа иаҳа иазхәыцны, ҟәыӷарыла иазнеип ҳәа, ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҳасаб азыруп ҳәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров: Урыстәыла азыхиоуп ашәарҭадара ахәдықәҵаразы Украина ацәажәара
Путини Ердогани еибырҳәеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рдипломатиатәи рырратәи усбарҭақәа реимадарақәа ирыцҵазарц, еицырзыфеидоу ахәаахәҭра-економикатә усеицура шдырҿиац идырҿиаларц.
Ҭырқәтәыла ахада Путин даниацәажәоз дақәыӡбеит Мраҭашәара аурыс культуреи уи ахаҭарнакцәеи рганахьала имҩаԥнаго ухахьы иузаамго ақәымчрақәа.
Уаанӡа Анкара аҳәамҭа ҟанаҵахьан Урыстәыла аганахьала иалагалоу асанкциақәа ишрыдымгыло азы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Ҭырқәтәыла Урыстәыла иадҟарҵало асанкциақәа ирылахәхом ҳәа рҳәеит Анкара