АҞӘА, хәажәкыра 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Абанк Аԥара амузеи аколлекциа ҳамҭас иаиуит ҳера ҟалаанӡа II ашәышықәса иатәу абҩатә монета ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит амузеи аиҳабы Асҭамыр Ҭаниа.
"Амузеи ари амоента ҳамҭас иеиҭеит уи аҭааҩ Сергеи Соловьев, амонета Аԥсни уи аҳҭнықалақьи рҭоурых иадыргоуп, избанзар иара ҭыжьын Диоскуриада аамҭақәа раан. Уи номиналс дихалк ҳәа иамоуп, даҽакала иуҳәозар ҩ-халкк, уи ҭрыжьуан Понтиитәи аҳәынҭқарра аҳ Митридат VI Евпатор ихаан", - ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Арҭ рҩызцәа амонетақәа ажәытәтәи Аԥсынтәыла адагьы, Амшын еиқәа иаҿықәыз атәылақәа зегьы рҿы ахархәара аман ихәеит Ҭаниа.
"Ҳара ари адагьы иҵегьы аҳамҭақәа ҳзааргахьеит. уажәааигәа Артур Ашәба ҳамҭас иҳаиҭеит ҳара ҳера II ашәышықәса иатәу парфиантәи адрахма II", - ҳәа инаҵишьит Аԥара амузеи аиҳабы.
Асҭамыр Ҭаниа ҭабуп ҳәа реиҳәоит амузеи аколлекциа хазырҭәаауа зегьы, иазгәеиҭеит дара рыбзоурала Аԥсны аҭоурых ахь аинтерес еиҳагьы иацлоит ҳәа. Иахьа амузеи аҿы иҟоуп шәкыла аекспонатқәа, урҭ еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуеит - антикатәи аамҭа инаркныи иахьатәи аамҭаҟынӡа.
Аԥсны Аԥара амузеи аартын 2021шықәса лаҵара 14 рзы.