https://sputnik-abkhazia.info/20220308/asny-aara-amuzei-akollektsiakh-inanageit-dioskuriada-aama-iaanakua-abat-moneta-1037996648.html
Аԥсны Аԥара амузеи аколлекциахь инанагеит Диоскуриада аамҭа иаҵанакуа абҩатә монета
Аԥсны Аԥара амузеи аколлекциахь инанагеит Диоскуриада аамҭа иаҵанакуа абҩатә монета
Sputnik Аҧсны
Арҭ амонетақәа аикәыршара иалан Амшын еиқәа аҿықә иахьаҵанакуаз иахьабалак, ажәытә Аԥсынтәылагьы, ара усҟантәи аамҭақәа рзы ахәаахәҭрақәа бзианы имҩаԥысуан. 08.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-08T17:05+0300
2022-03-08T17:05+0300
2022-03-08T17:05+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/08/1033376502_0:320:3073:2048_1920x0_80_0_0_52c1f8087e45900cb7ac09dff15a869e.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Абанк Аԥара амузеи аколлекциа ҳамҭас иаиуит ҳера ҟалаанӡа II ашәышықәса иатәу абҩатә монета ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит амузеи аиҳабы Асҭамыр Ҭаниа.Арҭ рҩызцәа амонетақәа ажәытәтәи Аԥсынтәыла адагьы, Амшын еиқәа иаҿықәыз атәылақәа зегьы рҿы ахархәара аман ихәеит Ҭаниа."Ҳара ари адагьы иҵегьы аҳамҭақәа ҳзааргахьеит. уажәааигәа Артур Ашәба ҳамҭас иҳаиҭеит ҳара ҳера II ашәышықәса иатәу парфиантәи адрахма II", - ҳәа инаҵишьит Аԥара амузеи аиҳабы.Асҭамыр Ҭаниа ҭабуп ҳәа реиҳәоит амузеи аколлекциа хазырҭәаауа зегьы, иазгәеиҭеит дара рыбзоурала Аԥсны аҭоурых ахь аинтерес еиҳагьы иацлоит ҳәа. Иахьа амузеи аҿы иҟоуп шәкыла аекспонатқәа, урҭ еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуеит - антикатәи аамҭа инаркныи иахьатәи аамҭаҟынӡа. Аԥсны Аԥара амузеи аартын 2021шықәса лаҵара 14 рзы.
https://sputnik-abkhazia.info/20211006/Aanaa-aaraychtsa-Aa-aara-Amuzei-ay-askulptura-yts-tsyrueit-1033357264.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/08/1033376502_0:0:2731:2048_1920x0_80_0_0_be8787f36969266c9face4998e5c9d01.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны Аԥара амузеи аколлекциахь инанагеит Диоскуриада аамҭа иаҵанакуа абҩатә монета
Арҭ амонетақәа аикәыршара иалан Амшын еиқәа аҿықә иахьаҵанакуаз иахьабалак, ажәытә Аԥсынтәылагьы, ара усҟантәи аамҭақәа рзы ахәаахәҭрақәа бзианы имҩаԥысуан.
АҞӘА, хәажәкыра 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Абанк Аԥара амузеи аколлекциа ҳамҭас иаиуит ҳера ҟалаанӡа II ашәышықәса иатәу абҩатә монета ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит амузеи аиҳабы Асҭамыр Ҭаниа.
"Амузеи ари амоента ҳамҭас иеиҭеит уи аҭааҩ Сергеи Соловьев, амонета Аԥсни уи аҳҭнықалақьи рҭоурых иадыргоуп, избанзар иара ҭыжьын Диоскуриада аамҭақәа раан. Уи номиналс дихалк ҳәа иамоуп, даҽакала иуҳәозар ҩ-халкк, уи ҭрыжьуан Понтиитәи аҳәынҭқарра аҳ Митридат VI Евпатор ихаан", - ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Арҭ рҩызцәа амонетақәа ажәытәтәи Аԥсынтәыла адагьы, Амшын еиқәа иаҿықәыз атәылақәа зегьы рҿы ахархәара аман ихәеит Ҭаниа.
"Ҳара ари адагьы иҵегьы аҳамҭақәа ҳзааргахьеит. уажәааигәа Артур Ашәба ҳамҭас иҳаиҭеит ҳара ҳера II ашәышықәса иатәу парфиантәи адрахма II", - ҳәа инаҵишьит Аԥара амузеи аиҳабы.
Асҭамыр Ҭаниа ҭабуп ҳәа реиҳәоит амузеи аколлекциа хазырҭәаауа зегьы, иазгәеиҭеит дара рыбзоурала Аԥсны аҭоурых ахь аинтерес еиҳагьы иацлоит ҳәа. Иахьа амузеи аҿы иҟоуп шәкыла аекспонатқәа, урҭ еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуеит - антикатәи аамҭа инаркныи иахьатәи аамҭаҟынӡа.
Аԥсны Аԥара амузеи аартын 2021шықәса лаҵара 14 рзы.