АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Хәажәкыра 7 рзы COVID -19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 298-ҩык, урҭ рахьтә 98-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҟны акоронавирус злаз 79 шықәса зхыҵуаз хаҵак иԥсҭазаара далҵит.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 33-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 8-ҩык, ибжьаратәуп 25-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 28-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит хәҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 12-ҩык, урҭ рахьтә аӡәы иҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы быжьҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы дышьҭоуп аӡәы.