Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы ишьҭаз акоронавирус злаз хаҵак

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтделение для пациентов с COVID-19 в Пятигорском родильном доме
Отделение для пациентов с COVID-19 в Пятигорском родильном доме - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2022
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 52 502 - ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 47 315- ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 659-ҩык.
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Хәажәкыра 7 рзы COVID -19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 298-ҩык, урҭ рахьтә 98-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҟны акоронавирус злаз 79 шықәса зхыҵуаз хаҵак иԥсҭазаара далҵит.

Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 33-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 8-ҩык, ибжьаратәуп 25-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 28-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит хәҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 12-ҩык, урҭ рахьтә аӡәы иҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы быжьҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы дышьҭоуп аӡәы.
Ажәабжьқәа зегьы
0