АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik. Атуроператорцәа иазԥхьагәарҭоит аԥарахсаалага "Мир" Аԥсны иахьаднакыло азы аԥсшьараз ирҭаху ахырхарҭақәа иреиуахоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациа (АТОР).
Аекспертцәа ишырҳәо ала, урыстәылатәи аԥарашәаратә система "Мир" атәылақәа фба рҿы ирыдыркылоит.
"Белоруссиа, Ермантәыла, Узбекистан, Киргизиа, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҿы аԥарашәаратә система "Мир" рыдыркылоит. Урҭ рҟынтәи массатә хырхарҭахар ҟалоит Белоруссиеи Аԥсни. Иҟалоит атуристцәа массала Узбекистан раҭаарагьы", – рҳәоит аекспертцәа.
"Мир" иара убасгьы зехьынџьара акәымзаргьы ирыдыркылоит Ҟазахсҭани Таџьикисҭани.
"Асовет тәыла иатәыз аҵакырақәа рҿы адагьы аԥарахсаалага "Мир" рыдыркылоит Ҭырқәтәыла. Ара абанк дуқәа рҿоуп амаҵ ахьыруа. Урҭ абанкқәа рбанкоматқәа, ртерминалқәа рҿы ухы иаурхәар ҟалоит", – ҳәа азгәанаҭоит АТОР.
Уи адагьы, "зегь аҵаркуп" ҳәа асистема змоу атәылақәа аԥсшьараз иалырхлоит.
"Ари асистема маншәалоуп знык ала иааидкыланы амаҵзуразы аԥарашәара, анаҩс харџьк аҟамҵара", - ҳәа рҳәоит АТОР аҿы.
Ассоциациаҿ иазгәарҭеит урыстәылаа рзы иаарту Ҭырқәтәыла, Тунис, Египет, Мальдивы, Арабтәи Аемиратқәа рҿы ари амаҵзура аус шауа.
Аԥыррақәа реиҭахацыркраан арахь иаҵанакыр ҟалоит: Куба, Доминикана, Мексика, Венесуелатәи адгьылбжьаха Маргарита аотельқәак.
Уаанӡа Абанк хада адырра ҟанаҵеит 2022 шықәса хәажәкыра 9 инаркны цәыббра 9 рҟынӡа Урыстәыла Абанк анапынҵатә валиута аганахьала аамҭалатәи аоперациатә ԥҟарақәа аланагалоит атәылауаа рвалиутатә лагалақәеи аԥхьаӡамҭақәеи рҟынтә роураз ҳәа. Аклиентцәа рԥарақәа зегьы шыҟоу иаанхоит, убри аан аклиент 10 000 ЕАА адоллар алихыр илшоит, иаанхо мааҭла, ианалихуа амш азы иҟоу акурс инақәыршәаны.