ЕАА Урыстәылантәи аенергомҩангагақәа римпорт мап ацәнакуеит ҳәа иҳәеит Баиден

Хәажәкыра 8 рызтәи адыррақәа рыла, ЕАА абензин ахә аҭоурыхтә максимум аҿы иҩеит, 4,17 доллар иаԥсахеит галлонк (3,785 литра).
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Еиду Америкатәи аштатқәа украинатәи аҭагылазаашьа инадҳәаланы Урыстәылантәи аенергомҩангагақәа римпорт мап ацәнакуеит, ари аӡбара апартиақәа рыҩбагь адгылоит, атәыла зегь адгылоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит ЕАА ахада Џьо Баиден.
Телехәаԥшрала ауааԥсыра рахь иааԥхьараҿы ахада аимпорт мап шацәыркуа атәы иҳәеит.

"Ари аӡбара аконгресс аҿы апартиақәа рыҩбагь адгылеит, сгәы иаанагоит атәыла зегь адгылоит ҳәа", - иҳәеит Баиден.

Убри аан иазгәеиҭеит ари абылтәы ахә ишацнаҵо. Америка Украина аибашьра иалагазар галлонк азы абылтәы ахәԥса 75 цент ихалахьеит.
Уи аԥхьа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак, иазгәеиҭеит урыстәылатәи анефҭ мап ацәкра адунеитә џьармыкьа еиланажьуеит, баррельк ахәԥса 300 доллар инеиҳаны ишьақәнаргылоит ҳәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Новак: урыстәылатәи анефҭ мап ацәкра адунеи аҿы иузмырҽеиуа ашәарҭарақәа цәырнагоит