Аԥсны

Гәдоуҭа араион ахәҭак лашарада иаанхеит

Аԥсны афымцамч аусхк аҟны иҟоу апроблемақәа рыхҟьоит ақәыӷәӷәара дуқәеи аинфраструктура ахьажәуи.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Гәдоуҭа араион ахәҭак фымцалашарада иаанхеит аҳауатә цәаҳәа "Калдахәара" аҿы иҟалаз аԥхасҭа иахҟьаны, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Фымцалашарада иҟоуп астанциа маҷқәа ԥшьба: "Мысра", "Мысра-а́хага", "Гәдоуҭа-110", "Лыхны".
Аԥхасҭа аԥыхразы аремонттә гәыԥ аҭыԥ ахь инеихьеит, иҟалаз зыхҟьаз ҭырҵаауеит.