АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Лугансктәи Жәлар Рреспубликеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит анотақәа реимдарала хәажәкыра 10 азы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.
"Аԥсни Лугансктәи Жәлар Рреспубликеи рыҩжәларык рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рырӷәӷәара иадгылоит, аҭынчреи азинеиҟарареи ирықәныҟәаны аизыҟазаашьақәа рыргылара ацхраара рҭахны, аҩҳәынҭқаррак рыжәларқәа зызҿлымҳау ахықәкқәа рзы аҭахрақәа ирықәныҟәаны, урҭ рхьыԥшымрақәеи, рсуверенитети, рҵакыратә акзаареи пату еицрықәҵаны, адунеи аҿы иазхаҵоу егьырҭ жәларбжьаратәи азин апринципқәеи аԥҟарақәеи, раԥхьаӡа иргыланы Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Аԥҟаԥҵәеи, ирықәныҟәаны", - ҳәа ануп аусбарҭа адырраҭараҿы.
Аҩтәылак аиҩызареи аусеицуреи рзы аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра аиқәыршәара иаҿуп, уи Аԥсни Лугански рыбжьара аиқәшаҳаҭра-азинтә база ашьақәыргыларазы уасхырс иазыҟалоит.
Аԥсны Урыстәыла адгылара анаҭоит Украина адемилитиризациеи аденафикациеи азы имҩаԥнаго аус аҟны.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Донецки Лугански Жәлар Рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит жәабран 25 азы.
Хәажәкыра 9 азы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Донецктәи Жәлар Рреспубликеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит анотақәа реимдарала.