Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лугансктәи Жәлар Рреспублика Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИнаугурация избранного главы ЛНР Л. Пасечника
Инаугурация избранного главы ЛНР Л. Пасечника  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа жәабран 25 азы Донецктәи Жәлар Рреспубликеи Лугансктәи Жәлар Рреспубликеи рхьыԥшымрақәа азхаҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik. Лугансктәи Жәлар Рреспублика ахада Леонид Пасечник Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Адокумент ахада иофициалтә саит аҿы икьыԥхьуп.
"Аӡбра сыдыскылоит: Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу, ихьыԥшыму ҳәынҭқарран азхаҵаразы. ЛЖәР ААР аԥснытәи аган алацәажәара мҩаԥнагароуп адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы", – аҳәоит аусԥҟаҿы.
Пасечник абри аганахь ала иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы иазгәеиҭеит "Аԥсни Лугански аиҩызаратә еизыҟазаашьа ӷәӷәақәа рыбжьоижьҭеи акыр шыҵуа".
"Аԥсны ауааԥсырагьы Донбасс ауааԥсыра реиԥш ибзианы ирдыруеит аԥсадгьыл ахьчара заҟа иуадаҩу, заҟа иуадаҩу аиаша адгылара. Ареспубликазы иуадаҩу аамҭазы Аԥсны Урыстәыла инашьҭарххны Лугансктәи Жәлар Рреспублика ахьыԥшымра азханаҵеит", - ҳәа иҳәеит Пасечник.
Виды Донецка - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2022
Аԥсны
Аԥсни ДЖәР-и адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит
Хәажәкыра 9 азы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Донецктәи Жәлар Рреспубликеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит анотақәа реимдарала.
Ажәабжьқәа зегьы
0