Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Аԥсны АКХ ахантәаҩы Апарламент ахь абжьыҭаразы ауаа рааишьа шыҟоу иҳәеит

Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа рхылаԥшразы иааит Урыстәыла, Приднестровие, Лугансктәи Жәлар Рреспублика, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи анаԥшцәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа раан асааҭ 12:00 рызтәи аҭагылазаашьала ауаа рааишьа 10% артәахьеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан абрифинг аан.
"Иреиҵаӡоу аҩаӡараҟынӡа ҳнеит. Сгәы иаанагоит, алхыҩцәа реиҳараҩык шьыбжьон, шьыбжьышьҭахь иааиуеит ҳәа", - иҳәеит иара.
Маршьан иара убас иазгәеиҭеит аҭыԥантәи алхратә комиссиақәа рҟынтәи гәынамӡара ҳәа акгьы шыҟам.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Алхратә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.
Аԥсны имҩаԥысуа апарламенттә алхрақәа ирылахәуп 123-ҩык акандидатцәа. 107-ҩык хацәоуп, 26-ҩык - ҳәсоуп.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
"Амшынеиқәафымцамч" алхрақәа рыҽны алашара арцәара аграфик аӡбахә рҳәеит
Бжьаратәла, ҭыԥк азы еиндаҭлоит хҩык акандидатцәа, зегьы иреиҵбу 25 ихыҵуеит, зегьы иреиҳабу - 75.
Алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа - 5, 10, 14 рҿы аӡәаӡәа ықәгылоуп.
Даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа раан ибжьы аиҭахьеит ахада Аслан Бжьаниа Тамшьтәи алхырҭаҿы, иара убас ибжьы аиҭахьеит Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа Аҟәатәи 10-тәи алхратә ҭыԥ аҿы.