Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Аслан Бжьаниа Жәлар Реизарахь алхрақәа раан ибжьы аиҭеит

© Foto / Пресс-служба Президента РААслан Бжания проголосован на выборах в парламент Республики Абхазия
Аслан Бжания проголосован на выборах в парламент Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны имҩаԥысуа апарламенттә алхрақәа ирылахәуп 123-ҩык акандидатцәа. Абжьыҭара хыркәшахоит асааҭ 20:00 рзы.
АҞӘА, хәажәкыра 12 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа раан ибжьы аиҭеит асабша хәажәкыра 12 рзы. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа ибжьы аиҭеит Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иҟоу алхратә ҭыԥ аҿы.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Алхратә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.
Аԥсны имҩаԥысуа апарламенттә алхрақәа ирылахәуп 123-ҩык акандидатцәа. 107-ҩык хацәоуп, 26-ҩык - ҳәсоуп.
Бжьаратәла, ҭыԥк азы еиндаҭлоит хҩык акандидатцәа, зегьы иреиҵбу 25 ихыҵуеит, зегьы иреиҳабу - 75.
Алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа - 5, 10, 14 рҿы аӡәаӡәа ықәгылоуп.
Даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.
Выборы в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рзы абжьыҭара иалагеит
Алхратә ҭыԥ хадаҿы ҩыџьа инареиҳаны иқәгылаз рахьтә аӡәгьы далхымзар, аҭыԥтә алхратә акомиссиа аӡбамҭа аднакылоит реиҳа абыжьқәа зауз ҩыџьа рыбжьара аиҭалхрақәа рымҩаԥгаразы. Аиҭалхрақәа мҩаԥысроуп ҩымчыбжьа ирхымгакәа.
Аиҭалхрақәа раан далхуп ҳәа дыԥхьаӡахоит абжьқәа реиҳарак зауз акандидат, шаҟаҩы абжьыҭара иалахәыз иахьмырԥшкәа.
Алхратә комиссиа хада иалху адепутатцәа ҭанаҩыроуп абжьыҭара амш инаркны бжьымшы ирхымгакәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0