Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр: алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы еилагарак азгәаҭам

Аԥсны ААР хәажәкыра 11 ауха инаркны рнапынҵақәа ҷыдала имҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иахьаҵанакуа алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы еилагарак азгәаҭам ҳәа иҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба.

"Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа рымҩаԥгара аиҿкааразы Аԥсны ААР хәажәкыра 11 ауха инаркны рнапынҵақәа ҷыдала имҩаԥыргоит. 900-ҩык рҟынӡа ҳусзуҩцәа алхырҭатә ҭыԥқәа 152 рҿы ахылаԥшра мҩаԥыргоит", - иҳәеит Быҭәба.

Уи адагьы амилициа аусзуҩцәа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рхылаԥшра мҩаԥыргоит.
"Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа ирус хаданы иҟоуп алхырҭатә комиссиақәа ацхыраара рыҭара, ауаажәларратә зинеиҿкаара аилагара алмыршара", - иҳәеит иара.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны АКХ ахантәаҩы Апарламент ахь абжьыҭаразы ауаа рааишьа шыҟоу иҳәеит
Аҳҭнықалақь, АКХ ахыбра акәша-мыкәша ада џьаргьы атранспорт аныҟәара ԥкны иҟаӡам ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
Хәажәкыра 11 рызтәи адыррала Аԥсны атәылауаҩшәҟәы рымоуп 152116-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рҟынтәи зықәра намӡац 5012-ҩык ыҟоуп. Хәажәкыра 12 рзы 18 шықәса рхыҵит хәҩык.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
12 Жьҭаара 2022, 21:55