Аԥсны

Астанциа маҷ "Баслаҭ" хәажәкыра 15 рзы аусура аанкылахоит

2021 шықәса ԥхынҷкәын 21 раахыс Аԥсны аиҳарак Урыстәылантәи алашара азаарышьҭуеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Астанциа маҷ "Баслаҭ" хәажәкыра 15 рзы аусура аанкылахоит асааҭ 11:00 инаркны 12:00 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура. Астанциа маҷ аанкылара мзызс иамоуп хәшала аиқәыршәара аус аиҿкаара.
Аԥсны
"Амшынеиқәафымцамч" Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы ҽынла алашара арцәара еиҭалагоит
Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала алашара дырцәоит жәабран 7 раахыс афымцамч ахьазымхои Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы ахьылаҟәызи ирхырҟьаны. Аҟәатәи астанциа маҷқәа рыҿгьы жәабран 7 рзы иалагалан алашара арцәарақәа.
2021 шықәса ԥхынҷкәын 21 раахыс Аԥсны аиҳарак Урыстәылантәи алашара азаарышьҭуеит. Ареспублика егьи ахәҭа Аӡхыҽҽа ГЕС-1 лашарала еиқәнаршәоит.