Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амшынеиқәафымцамч" Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы ҽынла алашара арцәара еиҭалагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукИнгур ГЭС
Ингур ГЭС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы ҽынла алашара арцәарақәа ирҟәаҵит хәажәкыра 7 рзы Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара иахьацлаз азы.
АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" мрагыларатәи ахәҭаҿы ҽынла алашара арцәара еиҭах иалагоит Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара 415 метранӡа иахьылаҟәыз азы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Жәабранмзазы Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы акыр иахьылаҟәыз инамаданы Аԥсны прагыларатәи ахәҭаҿы афымцалашара азымхо иалагеит. Убри азы аенергетикцәа аԥкрақәа аларгалеит ЕгрыГЕС аҟынтәи алашара зауа араионқәа рҿы, ҷыдала: Очамчыра, Гәылрыԥшь, Тҟәарчал, Гал араионқәа.
Ингур ГЭС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2022
Аԥсны
Аԥсны алашара арцәара аамҭеихшара ҿыц алагалоуп
Жәабран 7 инаркны Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы алаҟәреи Урыстәылантәи иаауа афымцамчхара амаҷреи ирыхҟьаны афымца анашьҭразы Аԥсны зегь аҿы аԥкрақәа алагалан.
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса инаркны Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа Урыстәылантәи афымца аиуа иалагеит, мрагыларатәи ахәҭа - Аӡхыҽҽатә ГЕС-1 аҟынтәи алашара аиуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0