Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Песков Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда шаҟа ицо аамҭа ахҳәаа аиҭеит

Хәажәкыра 14 азы Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа аԥшьбатәи рраунд мҩаԥысит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik. Урыстәыла Украина адемилитаризациазы апланқәа иамоу зегьы нагӡахоит уаанӡатәи аҿҳәарақәа инарықәыршәаны ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков, ҳәа аҩуеит РИА Новости.

"Урыстәылатәи аруаа ҳаамҭазтәи абџьар ахархәарала арра-информациатә инфраструктура ахыбрақәа роуп иқәырхуа. Урыстәыла Украина адемилитаризациазы апланқәа иамоу зегьы нагӡахоит уаанӡатәи аҿҳәарақәа инарықәыршәаны", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков. Убри аан иара ари аҿҳәара аамҭа имҳәеит.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Урыстәыла АМ Украина аиланхарҭа дуқәа рхылаԥшра иалагар шауа, ауааԥсыра ршәарҭадаразы.
"Иара убри аамҭазы Урыстәыла АМ Украина аиланхарҭа дуқәа рхылаԥшра иалагар ауеит уа инхо ауааԥсыра ршәарҭадаразы. Урҭ уажәгьы амацәаз иҭакуп, агуманитартә мҩасырҭақәа рыда", - ҳәа иҳәеит иара.
Дмитри Песков ахҳәаа риҭеит асанкциақәа рыхҟьаԥҟьақәа. Иара иажәақәа рыла Урыстәыла иаҿагыло аекономикатә санкциақәа рхылҿиаамҭақәа ишалшо ала ирмаҷхоит. Уи азы ауснагӡатәқәа аус рыдыруылоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин Макрони Шольци киевтәи арежим анырра арҭарц ааԥхьара ҟаиҵеит
Уаанӡа ЕАА ахада Џьо Баиден аҳәамҭа ҟаиҵахьан урыстәылатәи акциақәа рџьармыкьа шаадыртлак "иҭҟәацуеит" ҳәа.
"Акциатә џьармыкьа аҭагылазаашьа анымԥшыр ҟалом. Убри азы ҳара уажәы уи ахҟьақәа рырмаҷраз аус аиҿкаара ҳаҿуп. Ишыжәдыруеиԥш, Абанк хада иаднакылаз аӡбарақәа рынагӡара иаҿуп. Иҟоуп агәаанагара аекономикатә еибашьра усеиԥшҵәҟьа ишәарҭахарым ҳәа", - иҳәеит Песков.
Мраҭашәаратәи атәылақәа Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда инадҳәаланы Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа ирыцнаҵеит. Уаанӡа Дмитри Песков иҳәахьан асанкциақәа шыҟалоз ҳдыруан, Урыстәыла урҭ рҽырзыҟарҵон ҳәа. Урҭ рҭакс Урыстәыла аҭак уснагӡатәқәа аус рыднаулоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров: Урыстәыла азыхиоуп ашәарҭадара ахәдықәҵаразы Украина ацәажәара