Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Путин Макрони Шольци киевтәи арежим анырра арҭарц ааԥхьара ҟаиҵеит

© Sputnik / Андрей Горшков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел заседание Совбеза РФ
Президент РФ В. Путин провел заседание Совбеза РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Франциа ахада Еммануель Макрони Германиа аканцлер Олаф Шольци ҭелла данрацәажәоз мраҭашәаратәи аполитикцәа ааԥхьара риҭеит украинатәи арежим анырра азыҟарҵарц ҳәа аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
Урыстәыла ахада иҳәеит Украина анационалисттә баталионқәа ауааԥсыра реиқәырхаразы аоперациақәа шеиԥырҟьо, аҭынч уааԥсыра шдыршәо.
Иара убасгьы украинатәи амчрақәа рганахьала агуманитартә зин анормақәа шеиларго азы афактқәа ааигеит: аибашьыга техника аиланхарҭақәа, ахәшәтәырҭақәа, ахәыҷбаҳчақәа рҟны ишдыргыло.
Пресс-конференция президента Украины В. Зеленского - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәара Иерусалим амҩаԥгара дшазыхиоу
Владимир Путин Урыстәылеи Украинеи рхаҭарнакцәа онлаин-еиҿцәажәарақәа шымҩаԥырго иҳәеит. Атәылақәа хԥа рхадацәа Урыстәыла Украина ахь адҵақәа рынагӡара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Шольци Макрони урыстәылатәи ахада ахымца аанкыланы аимак адипломатиатә еилыргара аиҭарц рҳәеит. Сааҭки бжаки ицоз анаҩстәи аицәажәара зызкыз дмырзеит.
Аполитикцәа ԥхьаҟагьы украинатәи апроблематика аӡбаразы еинырларц еибырҳәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0