Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аексперт асоциалтә ҳақәа Мраҭашәаратәи атәылақәа рзы ибџьаруп иҳәеит

Украина абџьархыхра иазырхоу арратә операциа ҷыда ианалага мраҭашәаратәи асоциалтә ҳақәа урыстәылатәи АИХқәа - Russia Today, амаҵзура Sputnik реиԥш иҟоу рганахь ала аԥкрақәа аларгалеит. Москва ари информациатә еибашьроуп ҳәа ахнаҳәааит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Асоциалтә ҳақәа Facebook-и Twitter-и медиам, урҭ Урыстәыла иаҿагыло бџьаруп ҳәа аҩуеит РИА Новости Ниу-Иорк иҟоу "Институт Шиллера" ахаҭарнак Ричард Блек иажәақәа шьаҭас иганы.
"Урҭ рыгьангьашра ухы иузҭагӡом. Ганкахьала аполитидеиақәа ирыдгылоит, егьи аганахь ала Урыстәыла иаҿагыло аполитика мҩаԥыргоит. Асеиԥш ахымҩаԥгашьа Геббельс ихаҭагьы иԥхеишьар ҟаларын", - иҳәеит Блек.
Ричард Блек иажәақәа рыла америкатәи атәылауаа еиқәжьа икарыжьуеит. Абри аус аҿы асоциалтә ҳақәа апропагандаҟаҵацәоуп.
Аексперт иажәақәа рыла мраҭашәаратәи атәылақәа ирхықәку Урыстәыла иахьатәи амчра ахҳәароуп.
"Ҳара ҳгәаанагарала Путин ари аҭак ҟаиҵар акәын: Урыстәыла суверентә ҳәынҭқарроуп, атәылауаагьы хьчазароуп ҳәа. Иара ус иагьыҟаиҵеит", - иҳәеит иара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров: Урыстәыла азыхиоуп ашәарҭадара ахәдықәҵаразы Украина ацәажәара
Facebook, Instagram зҵазкуа америкатәи аилахәыра Meta Украина иҟоу ахҭысқәа инарыдҳәаланы мраҭашәаратәи тәылақәак рҿы аамҭала урыстәылатәи аруаа, Урыстәылеи Белоруссиеи рхадацәа рганахьала амч ахархәараз ааԥхьарақәа рзин ҟанаҵеит.
Абри ашьҭахь Урыстәыла Апрокуратура хада аҳәамҭа ҟанаҵеит аилахәыра Meta, аӡбарҭа екстремисттә еиҿкаароуп ҳәа иашьарц, аусурагьы Урыстәыла аҵакыраҿы иаанкылазарц. Асоциалтә ҳақәа рыҩбагьы русура Роскомнадзор иааннакылеит, Урыстәыла аҩнуҵҟа аус руам.