АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" ахьанҭарақәеи атрансформатортә мчхарақәа рдефицити ирыхҟьаны аԥкра-цҵақәа аланагалоит ҳәа аанацҳауеит анаплакы апресс-маҵзура.
Аԥкрақәа ирыҵаркуеит астанциа маҷқәа: Баслаҭа, ИЕПиТ, Аҟәа-1. Арҭ азеиԥш аихшанҵа иаҵанакуам. Алашара дырцәалоит аидара ахьанҭара инамаданы.
Ахьҭақәа шааҟалалак алашара дырцәоит иажәхьоу афымцатә ҳақәа ирықәло ахьанҭарақәа ирыхҟьаны.