АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Парижтәи Анцәа иан луахәамабаа аиҭашьақәыргыларатә усураан археологцәа ирбеит ажырҭақәеи аҭсалых ҭоубыҭи. Урҭ XIV-тәи ашәышықәса иаҵанакуеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит "Российская Газета" Франциа акультура аминистрра адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аԥшаах аадырԥшит аргыларақәа раан адгьыл аӷәӷәара ангәарҭоз. Арҽеиратә гәыԥ аусзуҩцәа 19-тәи ашәышықәса иаҵанакуаз адгьылаҵатә рԥхагатә система иахҭыгәлеит. Уоуп аҭоубыҭгьы ахьырбаз.
Аҭоубыҭ ауаҩԥсы иформақәа аҭан иҟаҵан. Аекспертцәа ргәаанагарала 1300-тәи ашықәсқәа ирыҵаркуеит. Амаҵура змаз уаҩык изкызар ҟалоит ҳәа азгәарҭоит. Ари аԥшаах иалнаршоит абжьарашәышықәсатәи ажрақәа еиҳа инарҭбааны реилкаара.
Аҭоубыҭ адагьы археологцәа ажырҭақәа рбеит. Ирбеит XIII ашәышықәса иатәу аиҩкаарҭа. Иара еиҩнашон аныҳәарҭа ахәҭеи ауахәама иаҭаауаз ахьнеиуаз ахыбреи.
Археологцәа русурақәа хәажәкыра 25 азы ихыркәшахар ауеит. Уи ашьаҭхь Нотр-Дам арҽеирақәа иацҵахоит. Иара аадыртраны иҟоуп 2024 шықәсазы.
2021 шықәса нанҳәамза анҵәамҭазы Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи аҭҵааҩцәа Гиуенос аҭыԥ аҿы адаздам аԥшаах рымԥыхьашәеит – атсалых ҭоубыҭ ҳара ҳераан V-VI ашәышықәсақәа раамҭа иаҵанакуа. Аҩнуҵҟа ахаҵа иԥсыбаҩ ҭан.
Ареспублика иахьаҵанакуаз уаанӡагьы ирԥыхьашәахьан аҭоубыҭқәа, аха урҭ хаҳәлыхын. Атсалых ҭоубыҭқәа ирҭаҵаны иржуаз ауахәама амаҵуцәа ма ауаа дырқәа, аиҳабыра ракәын.
Аҵарауаа ирҳәоит ари адунеитә археологиазгьы аҵакы змоу ԥшаахуп, ареспублика иахьаҵанакуаз уаанӡагьы ирԥыхьашәахьан аҭоубыҭқәа, аха урҭ хаҳәлыхын ма аџьаз иалхын, атсарҭәа иалху аҭоубыҭ раԥхьаӡа акәны иԥшаауп ҳәа. Асеиԥш аԥшаахқәа рбахьеит Англиа, Франциа, Ҭырқәтәыла. Убри азы аԥснытәии урыстәылатәии аҵарауаа рыԥшаах уникалтәу ԥшаахымҭаны ишьоуп, Аԥснытәи амузеи аҿы аҭыԥ ннакылоит.