Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гиуенос иԥшааз аҭоубыҭ Аԥснытәи амузеи аекспонатқәа иреиуахоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Ученые вскрыли свинцовый саркофаг, найденный в городище Гюэнос
Ученые вскрыли свинцовый саркофаг, найденный в городище Гюэнос - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2022
Анапаҵаҩра
2021 шықәса нанҳәамза анҵәамҭазы Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи аҭҵааҩцәа Гиуенос аҭыԥ аҿы адаздам аԥшаах рымԥыхьашәеит – атсалых ҭоубыҭ ҳара ҳераан V-VI ашәышықәсақәа раамҭа иаҵанакуа.
АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ажәытә Очамчыра, Гиуенос иԥшааз аҭоубыҭ Аԥснытәи амузеи аекспонатқәа иреиуахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит амузеи адиректор Аркади Џьопуа.
2021 шықәса жьҭаарамзазы Урыстәылеи Аԥсни рҵарауаа иаадыртит аԥхын ажәытә Гиуенос аҭыԥ аҿы ажрақәа раан ирԥшааз атсалых ҭоубыҭ.
"Аҟазауаа аҭоубыҭ ареставрациа азыруит. Уажәы аԥхьанатәтәи аԥшра амоуп. Иара аиҭашьақәыргыларазы афинанстә ган рхахьы иргеит Аԥсны аиҳабыра", - ҳәа иҳәеит иара.
Уажәы 2021 шықәса нанҳәамзатәи аҭҵааратә усурақәа ирызкны акьыԥхьымҭақәа аздырхиоит.
Аркади Џьопуа иажәақәа рыла, хәажәкырамзазы иаараны иҟоуп асахьаҭыхыҩцәа, аҭоубыҭ аиллиустрациақәа ҟазҵараны иҟоу.
Ученые вскрыли свинцовый саркофаг, найденный в городище Гюэнос - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2021
Ажәытәӡа аҟынтәи: атсалых ҭоубыҭ аартра
Амузеи адиректор ишиҳәо ала, аекспертиза аҭак макьаназ аԥсуа ган иамоуцт, еилкаам аҭоубыҭ аныҟаҵаз арыцхә иашаҵәҟьа.
2021 шықәса нанҳәамза анҵәамҭазы Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи аҭҵааҩцәа Гиуенос аҭыԥ аҿы адаздам аԥшаах рымԥыхьашәеит – атсалых ҭоубыҭ ҳара ҳераан V-VI ашәышықәсақәа раамҭа иаҵанакуа.
Аҵарауаа ирҳәоит ари адунеитә археологиазгьы аҵакы змоу ԥшаахуп, ареспублика иахьаҵанакуаз уаанӡагьы ирԥыхьашәахьан аҭоубыҭқәа, аха урҭ хаҳәлыхын ма аџьаз иалхын, атсарҭәа иалху аҭоубыҭ раԥхьаӡа акәны иԥшаауп ҳәа. Асеиԥш аԥшаахқәа рбахьеит Англиа, Франциа, Ҭырқәтәыла. Убри азы аԥснытәии урыстәылатәии аҵарауаа рыԥшаах уникалтәу ԥшаахымҭаны ишьоуп.
Атсалых ҭоубыҭқәа ирҭаҵаны иржуаз ауахәама амаҵуцәа ма ауаа дырқәа, аиҳабыра ракәын. Аҭоубыҭ аҩнуҵҟа ирбеит аԥсыбаҩ, еиуеиԥшым амаҭәарқәа.
Очамчыра, антикатәи ақалақь Гиуенос ахьыҟаз аҭыԥ аҿы урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа хышықәса ирықәуп аҭҵаара-ԥшаарақәа мҩаԥыргоижьҭеи.
Гиуенос – Аԥсны аҵакыраҿы ишьақәырӷәӷәаҵәҟьоу антикатә полисуп. Диоскуриа акәзар, макьаназ аҭыԥҵәҟьа аброуп ҳәа ишьақәыргылам.
Антикатәи ақалақь аҭыԥ аҿы аусура ду мҩаԥгоуп. Акультуратә ҿысҭа хә-метрак еиҳауп. Аԥшаарақәа раан иаарԥшхеит аҭоубыҭ ахҩеи ахьымаҭәаки. Уаанӡа ара иԥшаан арамеи бызшәала ицәажәоз ахаҳәҟьаԥс.
Археологические раскопки - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.12.2020
Аԥснытәи аплинфа Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ацәыргақәҵа експонатхеит
Ажәабжьқәа зегьы
0