https://sputnik-abkhazia.info/20220316/asalykh-ouby-ryshaait-arkheologtsa-notr-dam-aman-1038147421.html
Аҭсалых-ҭоубыҭ рыԥшааит археологцәа Нотр-Дам амҵан
Аҭсалых-ҭоубыҭ рыԥшааит археологцәа Нотр-Дам амҵан
Sputnik Аҧсны
2019 шықәсазы аныхабаа Нотр-Дам-де-Пари аҿы амцакра ӷәӷәа ҟалеит. Аныхабаа ахыбра ахәҭак еилаҳаит, амца аԥырхагахеит аҩнуҵҟатәи аҩычарақәа. 16.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-16T17:19+0300
2022-03-16T17:19+0300
2022-03-16T17:19+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/15/1036005248_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_bb9fe1477c7a81129e65f44710346281.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Парижтәи Анцәа иан луахәамабаа аиҭашьақәыргыларатә усураан археологцәа ирбеит ажырҭақәеи аҭсалых ҭоубыҭи. Урҭ XIV-тәи ашәышықәса иаҵанакуеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит "Российская Газета" Франциа акультура аминистрра адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.Аԥшаах аадырԥшит аргыларақәа раан адгьыл аӷәӷәара ангәарҭоз. Арҽеиратә гәыԥ аусзуҩцәа 19-тәи ашәышықәса иаҵанакуаз адгьылаҵатә рԥхагатә система иахҭыгәлеит. Уоуп аҭоубыҭгьы ахьырбаз.Аҭоубыҭ адагьы археологцәа ажырҭақәа рбеит. Ирбеит XIII ашәышықәса иатәу аиҩкаарҭа. Иара еиҩнашон аныҳәарҭа ахәҭеи ауахәама иаҭаауаз ахьнеиуаз ахыбреи.Археологцәа русурақәа хәажәкыра 25 азы ихыркәшахар ауеит. Уи ашьаҭхь Нотр-Дам арҽеирақәа иацҵахоит. Иара аадыртраны иҟоуп 2024 шықәсазы.2021 шықәса нанҳәамза анҵәамҭазы Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи аҭҵааҩцәа Гиуенос аҭыԥ аҿы адаздам аԥшаах рымԥыхьашәеит – атсалых ҭоубыҭ ҳара ҳераан V-VI ашәышықәсақәа раамҭа иаҵанакуа. Аҩнуҵҟа ахаҵа иԥсыбаҩ ҭан.Ареспублика иахьаҵанакуаз уаанӡагьы ирԥыхьашәахьан аҭоубыҭқәа, аха урҭ хаҳәлыхын. Атсалых ҭоубыҭқәа ирҭаҵаны иржуаз ауахәама амаҵуцәа ма ауаа дырқәа, аиҳабыра ракәын.Аҵарауаа ирҳәоит ари адунеитә археологиазгьы аҵакы змоу ԥшаахуп, ареспублика иахьаҵанакуаз уаанӡагьы ирԥыхьашәахьан аҭоубыҭқәа, аха урҭ хаҳәлыхын ма аџьаз иалхын, атсарҭәа иалху аҭоубыҭ раԥхьаӡа акәны иԥшаауп ҳәа. Асеиԥш аԥшаахқәа рбахьеит Англиа, Франциа, Ҭырқәтәыла. Убри азы аԥснытәии урыстәылатәии аҵарауаа рыԥшаах уникалтәу ԥшаахымҭаны ишьоуп, Аԥснытәи амузеи аҿы аҭыԥ ннакылоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220214/giuenos-ishaaz-aouby-asnyti-amuzei-aeksponata-ireiuakhoit-1037584354.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/15/1036005248_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_93fb5c1394c6910cd2b6973340034856.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аҭсалых-ҭоубыҭ рыԥшааит археологцәа Нотр-Дам амҵан
2019 шықәсазы аныхабаа Нотр-Дам-де-Пари аҿы амцакра ӷәӷәа ҟалеит. Аныхабаа ахыбра ахәҭак еилаҳаит, амца аԥырхагахеит аҩнуҵҟатәи аҩычарақәа.
АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Парижтәи Анцәа иан луахәамабаа аиҭашьақәыргыларатә усураан археологцәа ирбеит ажырҭақәеи аҭсалых ҭоубыҭи. Урҭ XIV-тәи ашәышықәса иаҵанакуеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп ҳәа
аанацҳауеит "Российская Газета" Франциа акультура аминистрра адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аԥшаах аадырԥшит аргыларақәа раан адгьыл аӷәӷәара ангәарҭоз. Арҽеиратә гәыԥ аусзуҩцәа 19-тәи ашәышықәса иаҵанакуаз адгьылаҵатә рԥхагатә система иахҭыгәлеит. Уоуп аҭоубыҭгьы ахьырбаз.
Аҭоубыҭ ауаҩԥсы иформақәа аҭан иҟаҵан. Аекспертцәа ргәаанагарала 1300-тәи ашықәсқәа ирыҵаркуеит. Амаҵура змаз уаҩык изкызар ҟалоит ҳәа азгәарҭоит. Ари аԥшаах иалнаршоит абжьарашәышықәсатәи ажрақәа еиҳа инарҭбааны реилкаара.
Аҭоубыҭ адагьы археологцәа ажырҭақәа рбеит. Ирбеит XIII ашәышықәса иатәу аиҩкаарҭа. Иара еиҩнашон аныҳәарҭа ахәҭеи ауахәама иаҭаауаз ахьнеиуаз ахыбреи.
Археологцәа русурақәа хәажәкыра 25 азы ихыркәшахар ауеит. Уи ашьаҭхь Нотр-Дам арҽеирақәа иацҵахоит. Иара аадыртраны иҟоуп 2024 шықәсазы.
2021 шықәса нанҳәамза анҵәамҭазы Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи аҭҵааҩцәа Гиуенос аҭыԥ аҿы адаздам аԥшаах рымԥыхьашәеит – атсалых ҭоубыҭ ҳара ҳераан V-VI ашәышықәсақәа раамҭа иаҵанакуа. Аҩнуҵҟа ахаҵа иԥсыбаҩ ҭан.
Ареспублика иахьаҵанакуаз уаанӡагьы ирԥыхьашәахьан аҭоубыҭқәа, аха урҭ хаҳәлыхын. Атсалых ҭоубыҭқәа ирҭаҵаны иржуаз ауахәама амаҵуцәа ма ауаа дырқәа, аиҳабыра ракәын.
Аҵарауаа ирҳәоит ари адунеитә археологиазгьы аҵакы змоу ԥшаахуп, ареспублика иахьаҵанакуаз уаанӡагьы ирԥыхьашәахьан аҭоубыҭқәа, аха урҭ хаҳәлыхын ма аџьаз иалхын, атсарҭәа иалху аҭоубыҭ раԥхьаӡа акәны иԥшаауп ҳәа. Асеиԥш аԥшаахқәа рбахьеит Англиа, Франциа, Ҭырқәтәыла. Убри азы аԥснытәии урыстәылатәии аҵарауаа рыԥшаах уникалтәу ԥшаахымҭаны ишьоуп, Аԥснытәи амузеи аҿы аҭыԥ ннакылоит.