Аԥсны

Галхәыҷ ақыҭан ахатәы ҩны анбылуаз ахаҵа дҭахеит

Хәажәкырамза аҽеиҩшамҭаз Аԥсны аҳауаԥхарра лаҟәит, ихьшәашәарахеит, убри аан ибылуа ахатәы ҩнқәа рхыԥхьаӡара иацлеит. Аԥсны АҶА аҟны ишырҳәо ала афымца цәаҳәақәа ахьҽеими арԥхагатә маругақәа ииашымқәа рхархәареи ирыхҟьоит амцакрақәа реиҳарак.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Ҩеихагылак змоу ахатәы ҩны анбылуаз аԥшәма далаблит, абри атәы аанацҳауеит ГАЛ ТВ.
Арыцҳара ҟалеит хәажәкыра 14 азы. Иазгәаҭоуп, абылра ахьыҟалаз аиқәырхаҩцәа аннеи аамҭазы аҩны зегьы амца иамҽханакхьан. АҶА ирылшоз зегьы шыҟарҵазгьы аҩны зегьы блит.
Иҟалаз амашәыр зыхҟьаз ҭырҵаауеит.
Аԥсны
Гагра араион аҿы ахатәы ҩны блит