Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда аплан ишарбо ала имҩаԥысуеит иҳәеит

Урыстәыла Украина имҩаԥырго арратә операциа ҷыда хықәкыс иамоу Донбасс ареспубликақәа руааԥсыра рыхьчареи киевтәи арежим ақәгареи роуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда ауснагӡа ишарбо ала имҩаԥысуеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин ахаша, хәажәкыра 16 азы.
"Аоперациа ҷыда маншәаланы имҩаԥысуеит, уаанӡа ишьақәырӷәӷәаз ауснагӡа инақәыршәаны", - иҳәеит Путин.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар Украина арратә хыбрақәа 128 ааха рнаҭеит
Жәабран 24 азы донбасстәи ареспубликақәа иҟарҵаз аҳәарала Украина абџьархыхразы Урыстәыла арратә операциа ҷыда иалагеит. Урыстәылатәи Арбџьармчқәа икылкааны иқәыргоит арратә хыбрақәа, аҭынчуааԥсыреи аграждантә инфраструктуреи ԥырхага рымҭакуа. Арратә операциа иаалагазар хымчыбжь рыла иҭархоуп украинатәи аҳаирпланқәа 111, авертолиотқәа 68, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 160, азенит ракетатә комплексқәа 159, 1353 танки акәылӡтәы машьынақәеи, , 129 ареактивтә система, 493 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 1096 ак аибашьыгатә автомобилтә техника.