https://sputnik-abkhazia.info/20220316/urystylati-ar-ukraina-arrat-khybraa-128-aakha-rnaeit-1038144326.html
Урыстәылатәи ар Украина арратә хыбрақәа 128 ааха рнаҭеит
Урыстәылатәи ар Украина арратә хыбрақәа 128 ааха рнаҭеит
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аоперациа ҷыда амҩаԥгараан аӷа ирратә хыбрақәеи ирратә техникеи роуп ааха знаҭо. 16.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-16T14:26+0300
2022-03-16T14:26+0300
2022-03-16T14:26+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
джәр
лжәр
украина
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/0c/1038068354_0:106:3265:1942_1920x0_80_0_0_384f2e9c97ac5577390465a88e9b91a8.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Урыстәылатәи ар уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа Украина арратә хыбрақәа 128 ааха рнаҭеит ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.Аминистрра адыррақәа рыла арратә операциа иалагазар иҭархоуп украинатәи аҳаирпланқәа 111, авертолиотқәа 68, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 160, азенит ракетатә комплексқәа 159, 1353 танки акәылӡтәы машьынақәеи, , 129 ареактивтә система, 493 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 1096 ак аибашьыгатә автомобилтә техника.Конашенков иҳәеит ЛЖәР ар ажәылара ишаҿу Северодонецк ақалақь амҵан, ДЖәР архәҭақәа хылаԥшра шрырҭо Михаиловка, Ставка, Ботманка, Васильевка. Аибашьра цоит Верхнеторецкое азы.Урыстәылатәи аган изныкымкәа аҳәамҭа ҟанаҵахьан Киев ацәгьауразы, аха адунеитә еилазаара уи рмаҳазшәа ҟарҵон. Иддырҳауам хәажәкыра 14 азы украинатәи архәаҭқәа Донецк аракета "Точка-У" ала ианалахыс ишҭахаз 20-ҩык аҭынч уааԥсыра.Владимир Путин иҟаиҵаз аҳәамҭала Украина имҩаԥырго арратә операциа ҷыда хықәкыс иамоу Донбасс ареспубликақәа руааԥсыра рыхьчареи украинатәи арежим ақәгареи роуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20220315/lavrov-ukraina-aneitralt-status-aara-aup-khykys-iamou-urystylei-iarei-reitsazharaa-1038131329.html
джәр
лжәр
украина
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/0c/1038068354_266:0:2997:2048_1920x0_80_0_0_15bd8eae5619dfa2ea423d6ab5828e5e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, джәр, лжәр, украина
ажәабжьқәа, джәр, лжәр, украина
Урыстәылатәи ар Украина арратә хыбрақәа 128 ааха рнаҭеит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аоперациа ҷыда амҩаԥгараан аӷа ирратә хыбрақәеи ирратә техникеи роуп ааха знаҭо.
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Урыстәылатәи ар уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа Украина арратә хыбрақәа 128 ааха рнаҭеит ҳәа аҩуеит
РИА Новости Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟала икажьуп Су-25 ҩба, Чернигов араион аҿы, МиГ-29 - акы, Новаиа Быковка араион аҿы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ԥшьба. Ааха рыҭоуп 128 арратә хыбрақәа, урҭ рҟынтәи ЗРК "Бук-М1", ЗРК "Оса", арадиолокациатә станциақәа 4, акомандаҟаҵаратә пунктқәа 4, абџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа 7, аибашьыгатә техника агыларҭақәа 68", – иҳәеит Конашенков.
Аминистрра адыррақәа рыла арратә операциа иалагазар иҭархоуп украинатәи аҳаирпланқәа 111, авертолиотқәа 68, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 160, азенит ракетатә комплексқәа 159, 1353 танки акәылӡтәы машьынақәеи, , 129 ареактивтә система, 493 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 1096 ак аибашьыгатә автомобилтә техника.
Конашенков иҳәеит ЛЖәР ар ажәылара ишаҿу Северодонецк ақалақь амҵан, ДЖәР архәҭақәа хылаԥшра шрырҭо Михаиловка, Ставка, Ботманка, Васильевка. Аибашьра цоит Верхнеторецкое азы.
Урыстәылатәи аган изныкымкәа аҳәамҭа ҟанаҵахьан Киев ацәгьауразы, аха адунеитә еилазаара уи рмаҳазшәа ҟарҵон. Иддырҳауам хәажәкыра 14 азы украинатәи архәаҭқәа Донецк аракета "Точка-У" ала ианалахыс ишҭахаз 20-ҩык аҭынч уааԥсыра.
Владимир Путин иҟаиҵаз аҳәамҭала Украина имҩаԥырго арратә операциа ҷыда хықәкыс иамоу Донбасс ареспубликақәа руааԥсыра рыхьчареи украинатәи арежим ақәгареи роуп.