Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар Украина арратә хыбрақәа 128 ааха рнаҭеит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аоперациа ҷыда амҩаԥгараан аӷа ирратә хыбрақәеи ирратә техникеи роуп ааха знаҭо.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Урыстәылатәи ар уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа Украина арратә хыбрақәа 128 ааха рнаҭеит ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟала икажьуп Су-25 ҩба, Чернигов араион аҿы, МиГ-29 - акы, Новаиа Быковка араион аҿы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ԥшьба. Ааха рыҭоуп 128 арратә хыбрақәа, урҭ рҟынтәи ЗРК "Бук-М1", ЗРК "Оса", арадиолокациатә станциақәа 4, акомандаҟаҵаратә пунктқәа 4, абџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа 7, аибашьыгатә техника агыларҭақәа 68", – иҳәеит Конашенков.

Аминистрра адыррақәа рыла арратә операциа иалагазар иҭархоуп украинатәи аҳаирпланқәа 111, авертолиотқәа 68, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 160, азенит ракетатә комплексқәа 159, 1353 танки акәылӡтәы машьынақәеи, , 129 ареактивтә система, 493 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 1096 ак аибашьыгатә автомобилтә техника.
Конашенков иҳәеит ЛЖәР ар ажәылара ишаҿу Северодонецк ақалақь амҵан, ДЖәР архәҭақәа хылаԥшра шрырҭо Михаиловка, Ставка, Ботманка, Васильевка. Аибашьра цоит Верхнеторецкое азы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров: Украина анеитралтә статус аҭара ауп хықәкыс иамоу Урыстылеи иареи реиҿцәажәарақәа
Урыстәылатәи аган изныкымкәа аҳәамҭа ҟанаҵахьан Киев ацәгьауразы, аха адунеитә еилазаара уи рмаҳазшәа ҟарҵон. Иддырҳауам хәажәкыра 14 азы украинатәи архәаҭқәа Донецк аракета "Точка-У" ала ианалахыс ишҭахаз 20-ҩык аҭынч уааԥсыра.
Владимир Путин иҟаиҵаз аҳәамҭала Украина имҩаԥырго арратә операциа ҷыда хықәкыс иамоу Донбасс ареспубликақәа руааԥсыра рыхьчареи украинатәи арежим ақәгареи роуп.