Аԥсны

Гагра араион ахәҭак хәажәкыра 18 азы аихшанҵа иахьмырԥшыкәа лашарада иаанхоит

Хәажәкыра 14 аахыс Аԥсны иахьаҵанакуа зегьы алашара арцәара аихшанҵа ҿыц алагалоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik. Астанциа маҷ "Гагра-2" актәи асекциа аусура нкылахоит хәажәкыра 18 асааҭ 12:00 - 14:00 рзы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Астанциа маҷ аҿы аиҭакратә усурақәа мҩаԥгахоит.
"Амшынеиқәафымцамч" хәажәкыра 14 аахыс Аԥсны иахьаҵанакуа зегьы алашара арцәара аихшанҵа ҿыц аланагалеит. Аԥкра ҿыцқәа зыхҟьо Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы алаҟәра, Аԥсны аенергосистема зегьы аидара аҵазаара ауп.
Аихшанҵа ҿыц ала астанциа маҷ "Гагра-2" есыҽны лашарада иҟоуп асааҭ: 12:00 - 13:00, 19:00 - 20:00 рзы.