Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин аоперациа ҷыда Урыстәыла ахыхьчаразы иакзаҵәыкны иҟоуп иҳәеит

Урыстәыла изныкымкәа НАТО Мрагыларатәи Европа ахымҩаԥгашьа иаҿагылахьеит, аиҿкаара арратә мчрақәа Урыстәыла аҳәаа разааигәахара, Қырҭтәылеи Украинеи аиҿкаара радыԥхьалара шәарҭаны ишьаны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17- Sputnik. Владимир Путин аоперациа ҷыда Урыстәыла ахыхьчаразы иакзаҵәыкны иҟоуп иҳәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости урыстәылатәи арегионқәа рсоциал-економикатә дгылара ауснагӡатәқәа рзы аилацәажәараҿы иҳәамҭа шьаҭас иганы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда аплан ишарбо ала имҩаԥысуеит иҳәеит
Ахада иажәақәа рыла урыстәылатәи ар Донецки Лугански рыҟны иаагылазҭгьы иҟоу ашәарҭара аԥыххомызт, Донбасс аҳәаақәа афронт ацәаҳәа ҿыц рнылон.
"Иааныркыломызт алахысрақәеи апровокациақәеи. Бџьаршьҭыхлатәи аимак ҿҳәарадахон. Ишцац ицалон. НАТО арратә инфраструктура Украина еиҳагьы аҽарҭбаалон. Алианс ари абџьари ҳааҵраҿы агылара азхаҳҵар акәхон", - ҳәа иҳәеит Путин.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит Украина абиологиатә бџьар аус адулара ашьҭақәа шырбаз, уи Америкатәи аштатқәа рфинанстә цхыраарала ишымҩаԥысуаз, иҳәеит киевтәи амчрақәа аиадертә бџьар аԥҵара шыргәиҭоу азы аҳәамҭа шыҟарҵахьаз.

"Ари шәарҭара дуун. Хара имгакәа, аҳәаанырцәтәи атехникатә цхыраарала киевтәи арежим анапаҿы иаиур ҟалон ажәлар рацәа ықәызгар зылшоз абџьар. Ҳәарада хықәкысгьы раԥхьа иалырхуаз Урыстәыла акәын", - иҳәеит Урыстәыла ахада.

Путин иҳәеит Украина ашьакаҭәара мраҭашәараа шадгыло. Мраҭашәаратәи атәылақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Урыстәыла ахара адрымҵаларц асанкциақәа рыхҟьаԥҟьазы.
"Ари зегь мцуп. Ииашоу мраҭашәараа миллионҩыла ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа зыхҟьо рҳәынҭқаррақәа рхадацәа, урҭ рыгхақәеи рамбициақәеи роуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәыла Донецки Лугански ареспубликақәа азханаҵеит жәабран 21 азы. Арҭ ареспубликақәа рҿы инхо ауааԥсыра рыхьчаразы арратә операциа иалаган.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
"Урыстәыла шыҟоу иаанхарц": Владимир Путин ивидеоконференциа