Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

"Урыстәыла шыҟоу иаанхарц": Владимир Путин ивидеоконференциа

© Sputnik / Андрей Горшков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел заседание Совбеза РФ
Президент РФ В. Путин провел заседание Совбеза РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәыла асубиектқәа рсоциал-економикатә цхырааразы авидеоконференциа арежим ала аилацәажәара мҩаԥигеит хәажәкыра 16 азы.
Иарбан усдҵақәоу Путин инапы зҵеиҩыз, избан ахада Афедерациа асубиектқәа еиҳа ахақәиҭрақәа рыҭара ахәҭаны изишьо, адунеитә еилазаараҟынӡа атәыла апозициа нагашьас иамоу шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.

Урыстәыла ашәарҭара

Аиҳабыра алахәылацәеи арегионқәа рхадацәеи злахәыз авидеоконференциа Владимир Путин далагеит Урыстәыла адәныҟа аполитика ахықәкы хаданы иишьо алацәажәарала.
Войска ДНР взяли под контроль Волноваху - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар Украина арратә хыбрақәа 128 ааха рнаҭеит
“Аашықәса амацәаз иҭакыз, анырҵәаратә акциақәа здыҟарҵалоз, атерактқәа, артилериала изеихсуаз, Донбасс аҭынч ԥсҭазаара зырымҭоз ауааԥсыра ираҳҭо ацхыраара ахәҭоуп. Избан урҭ агеноцид рхыргар закәыз? Рабацәеи рабдуцәеи рҵасқәа рыла анхара ахьырҭахыз, рхатәы бызшәала ицәажәалар ахьырҭахыз, рыхшара дара ишырҭахыз иахьырааӡоз – абарҭ рзоуп агеноцид зрыдҟаҵалаз", - ҳәа иҳәеит Владимир Путин, иагьациҵеит арҭ аашықәса рыҩнуҵҟа киевтәи амчрақәа Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа ишрықәымныҟәоз.
Атәыла ахада иҳәеит Украина ахатәы аиадертә бџьар аԥҵара гәҭакыс иахьамаз Урыстәыла шәарҭараны ишазыҟалоз.
“Хара имгакәа Киевтәи амилаҭеилыхцәа аҳәаанырцә ацхыраарала ари абџьар рнапаҿы ироуан. Ҳәарада раԥхьа иргыланы иахықәкхозгьы Урыстәыла акәхон.
Украина аус руан жәабала алабораториақәа. Урҭ рҟны Пентагон анапхгареи афинанстә цхыраареи рыла имҩаԥыргон арра-биологиатә программақәа. Арахь иаҵанакуеит акоронавирус, амырза, аршра уҳәа реиԥш иҟоу ачымазара ҿкқәа раларҵәара. Арҭ апрограмма маӡақәа рышьҭақәа уажәы рыҵәахра иашьҭоуп. Ҳара агәра аагартә иҟоуп Урыстәыла иацәыхарамкәа Украина аҵакыраҿы абиологиатә бџьар ахәҭақәа аԥырҵон ҳәа" - иҳәеит Владимир Путин.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит, Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда қәҿиарала ишцо, уаанӡатәи ауснагӡақәа ишрықәшәо.

Асанкциақәа усгьы иҟалон

Урыстәыла ахада асанкциақәа ралагалара хара имԥшуа ЕАА абанкқәеи ЕЕ атәылақәеи рполитикоуп ҳәа ахиҳәааит.
“Дара роуп аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы адунеитә инфлиациа зырцыхцыхыз, ауаа рӷарра иацхрааз, аиҟарамрахь икылызгаз, адунеи зегьы аҿы ахҵәацәа алазырҵәаз. Ицәырҵуеит азҵаара: аҭак ҟазҵода миллионҩыла амлакратә ԥсыҭбарақәа рзы? Еиҭасҳәоит адунеитә глобалтә економикеи ахәаахәҭреи ааха шрыҭоу, америкатәи авалиута акәзар аҭаҵәахтә валиутаны ашьара агәрагара шацәыӡыз", - ҳәа иҳәеит иара.
Путин иазгәеиҭеит ЕААи ЕЕи Урыстәыла аҿаԥхьа ахыдҵақәа рзы адефолт рыланаҳәеит ҳәа.
Министерство иностранных дел России - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2022
Урыстәыла ААР: Урыстәыла аганахь ала Европа ахымҩаԥгашьа анҭыҵынтә иаҵаҳәоуп
“Уажәшьҭа дарбанзаалак идыруеит афинанстә ҭаҵәахқәа шӷьычу. Ари збаз атәылақәа жәпакы рԥаратәии рцифратәии аҵәахқәа атауарқәа, адгьылқәа, афатәаалыҵ, ахьы уҳәа ареалтә активқәа рахь риагара ишалаго дыруп. Арҭ аџьармыкьақәа рҿы ари аҭагылазаашьа адефицит арҿиоит. Исҳәоит еиҭах урыстәылатәи аилахәырақәа, ахатәхаҿқәа рҳәаанырцәтә активқәа рырбаандаҩра – рҵагахоит амилаҭтә бизнес азы. Еилкаахеит аԥара злагалатәу ухатәы атәыла шакәу. Ари сара изныкымкәа исҳәахьан", - ҳәа азгәеиеҭит Владимир Путин.
Убри аан атәыла ахада иазгәеиеҭит асанкциа ҿыцқәа аҭагылазаашьа шыҿиалакгьы иалагалахон ҳәа. Урыстәыла Украина арратә операциа иахьалагаз – ари ҿарԥоуп ҳәа ишьоит иара.
Владимир Путин Урыстәыла аекономикатә ҭахкаара ацхыраарала арԥсыҽра Мраҭашәара иастратегиоуп ҳәа ахиҳәааит.
“Мраҭашәара ахадацәа рхаҭақәа уажәшьҭа иагьырӡом асанкциақәа хаз игоу џьоук шракәым иззырхо, иззырхо аекономика, асоциалтәи агуманитариатәи усхкқәа, Урыстәыла атәылауаа, хаҭа-хаҭала аҭаацәарақәа роуп. Арҭ ашьаҿақәа миллионҩыла ауаа рыԥсҭазаара аҵшәаара иазырхоуп. Убри аан еиҭасҳәоит, мраҭашәаратәи амчуаа ари иагьацәыԥхашьом, иаартны ирҳәоит". - ҳәа азгәеиҭеит ахада.

Мраҭашәараа "рымцқәа"

Урыстәыла ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит, атәыла аганахь ала ишеиҿкаау зеиԥш ҟамлацыз аинформациатә еилахәыра, акиберҵакыраҿы ажәыларақәа. Иара иажәақәа рыла аинформациа аиура ԥкуп, ауаа мцла рхы ҭырҟьоит.
“Ҳара еилаҳкаауеит ари амц-ҳәынҭқарра ду иамоу алшарақәа, аха аиаша аҿаԥхьа усгьы мчы алаӡам. Урыстәыла маҷ-маҷ акәзаргьы иара апозициа адунеи ианардыруеит. Ҳара ҳпозициа акәзар иаартуп, ицқьоуп. Уи еиҳа-еиҳа ауаа ираҳауеит, ирдыруеит. Иагьҳацеиҩыршоит. Иаартны исҳәоит Мраҭашәара гьангьашрыла ацәажәарақәа ишырҵаҵӷәу агеополитикатә хықәкқәа. Дара иӷәӷәоу, зшьапы иқәгылоу Урыстәыла рҭахӡам. Ирҭахӡам ҳхатә хырхарҭа ахьҳамоу, ҳмилаҭтә интересқәа ҳахьрыхӡыӡаауа", - ҳәа иҳәеит иара.
Социальные сети  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Аексперт асоциалтә ҳақәа Мраҭашәаратәи атәылақәа рзы ибџьаруп иҳәеит
Ҿырԥшыс иааигеит Нхыҵ Кавказ асепаратизми атерроризми адгылара шарҭоз.
“Дара уажәгьы ирҭаху ҳкыдырцаларц ауп. Ажәлар рҿы ишырҳәало аиԥш Можаи ҳахырцарц ауп ирҭаху, мыч змам, иԥсыҽу ҳәынҭқарраны ҳаҟазар рҭахуп. Зегь раасҭа ирҭаху ҳаиҟәдыршьшьарц ауп. Усҟан ирҭахыз наӡазаргьы, уажәы усеиԥш ҟалашьа амам. Ҳәарада аԥсадгьыл аҭиҩцәа "ахәбатәи аколонна" ҳәа изышьҭоу рхы иадырхәашт. Урҭ рыԥсадгьыл ԥараҟаҵарҭас ирымоуп", - ҳәа иҳәеит Путин.
Иара иҳәеит Урыстәыла ахаангьы ихҽны ишыҟамло. Иахьазы ицо аиҿагылара атәыла уаҵәтәи амш аиқәырхароуп изызку ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла ахада.
“Ҳара Урыстәыла аҟазаара ҳазықәԥалоит. Уи азы ҿырԥштәыс иаагоит ҳаибашьцәа фырхацәа, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа", - ҳәа иҳәеит иара.

Ауааԥсыра адгылара ҟарҵоит

Владимир Путин иазгәеиҭеит имҩаԥысуа мраҭашәаратәи атәылақәа аполитикеи аекономиеи рҿы рԥыжәара аҵәаӷәа ахьшьроуп иаанаго ҳәа.
Убри аан иара иажәақәа рыла иахьа урыстәылатәи афинанстә еилахәырақәа, анаплакқәа, абизнес ирцәыуадаҩуп.
Ахада иҳәеит аекономикаҿы ишаҭаххо аиҭакра дуқәа. Урҭ аамҭала аинфлиациеи аусурҭа амамзаареи рхылҿиаар шалшо.
“Иҳалшо ҟаҳҵароуп арҭ ашәарҭарақәа еиҵхарц. Аҳәынҭқарра асоциалтә хыдҵақәа нагӡалатәуп, иалыршалатәуп атәылауаа хра аманы ацхыраара рызҭо амеханизмқәа рырҿиара". - ҳәа иҳәеит иара.
Владимир Путин иазгәеиҭеит аҭаацәарақәа, анацәа, ахәыҷқәа рыцхыраара ишацҵахало. Иргәалаиршәеит мшаԥы 1 инаркны 8 -16 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы ашәарақәа шалагалахо зылшара ԥку аҭаацәарақәа рзы. Шәарак анхаралшара иреиҵаӡоу ахышәаҵышәа абжаранӡа ишьақәыргылахоит.
“Уажәы бжьаратәла 12 300 мааҭ ыҟоуп урҭ ашәарақәа", - ҳәа иҳәеит Путин.
Атәыла ахада аиҳабыра рнапы ианиҵеит аоперативтә усура мҩаԥыргаларц аҭаацәарақәа рматериалтә ҭагылазаашьа аиҭакрақәа рышьклаԥшразы.
“Аҭаацәа аусурҭа ҭыԥ рцәыӡзар, иуадаҩу аҽа ҭагылазаашьак ианиазар - ишалшо ала аҳәынҭқарра аҟынтә ацхыраара рыҭахароуп", - ҳәа иҳәеит Владимир Путин.
Авидеоконференциаан Владимир Путин "Урыстәылатәи Афедерациаҿы асоциал-економикатә ҭышәынтәалареи ауааԥсыра рыхьчареи рзы ауснагӡатәқәа рзы" аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
Ажәабжьқәа зегьы
0