Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла АҶА ҩнызқь тонна рҟынӡа агуманитартә цхыраагӡа Донбасси Украинеи рахь инаргеит

Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Урыстәыла АҶА агуманитартә операциа аҳәаақәа ирҭагӡаны 500 тонна ацхыраара нагоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Урыстәыла АҶА ҩнызқь тонна рҟынӡа агуманитартә цхыраагӡа Донбасси Украинеи руааԥсыра ирызнаргахьеит арратә операциа иаалагазар ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Иазгәаҭоуп ари амчыбжь азы 50 ак еидарамҩангагатә техника Ногинсктәии Донтәии ацхырааратә усбарҭақәа рҟынтәи Донбасси Украина арегионқәаки рахь инаргеит 500 тонна ацхырааратә еидара. Иара убасгьы Белгородтәи, Ростовтәи аобластқәеи Ҟрыми рҿы аизгара иаҿуп агуманитартә еидара.
Ростовтәи аобласт аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы аус руеит АҶА аусура иазырхоу ақалақь маҷқәа ҩба.
Хәажәкыра 16 азы Таганрогтәи аихамҩатә станциаҿынтә Владимиртәи аобласт ахь АҶА аусзуҩцәеи аволонтерцәеи имҩаԥыргеит Донбассынтәи 400-ҩык ахҵәацәа. Урыстәылаҟа иахыргахьеит 13 000-ҩык ахҵәацәа.
Хәажәкыра 12 азы Аԥсны АҶА Лугансктәи ареспубликахь агуманитартә цхыраагӡа нанагеит.
Аидарамҩангагақәа хәба шәырла, хәмаргала, аԥаҭликақәа ирҭоу ӡыла, фатәыла, ацитрусқәа рыла ирҭәны уахь инеит.
Агуманитартә цхыраагӡа аизгара иалахәын Аԥсны ауааԥсыра, Москватәи адиаспора, иара убас ацхыраара ҟарҵеит Аԥсны аиҳабыра.