https://sputnik-abkhazia.info/20220317/urystyla-aa-nyz-tonna-ryna-agumanitart-tskhyraaga-donbassi-ukrainei-rakh-inargeit-1038161152.html
Урыстәыла АҶА ҩнызқь тонна рҟынӡа агуманитартә цхыраагӡа Донбасси Украинеи рахь инаргеит
Урыстәыла АҶА ҩнызқь тонна рҟынӡа агуманитартә цхыраагӡа Донбасси Украинеи рахь инаргеит
Sputnik Аҧсны
Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Урыстәыла АҶА агуманитартә операциа аҳәаақәа ирҭагӡаны 500 тонна ацхыраара нагоуп. 17.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-17T13:44+0300
2022-03-17T13:44+0300
2022-03-17T13:44+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
аполитика
джәр
лжәр
украина
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/11/1038158107_0:126:3195:1923_1920x0_80_0_0_dab472367875b98bfab481078ba259e1.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Урыстәыла АҶА ҩнызқь тонна рҟынӡа агуманитартә цхыраагӡа Донбасси Украинеи руааԥсыра ирызнаргахьеит арратә операциа иаалагазар ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.Ростовтәи аобласт аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы аус руеит АҶА аусура иазырхоу ақалақь маҷқәа ҩба.Хәажәкыра 16 азы Таганрогтәи аихамҩатә станциаҿынтә Владимиртәи аобласт ахь АҶА аусзуҩцәеи аволонтерцәеи имҩаԥыргеит Донбассынтәи 400-ҩык ахҵәацәа. Урыстәылаҟа иахыргахьеит 13 000-ҩык ахҵәацәа.Хәажәкыра 12 азы Аԥсны АҶА Лугансктәи ареспубликахь агуманитартә цхыраагӡа нанагеит.Аидарамҩангагақәа хәба шәырла, хәмаргала, аԥаҭликақәа ирҭоу ӡыла, фатәыла, ацитрусқәа рыла ирҭәны уахь инеит.Агуманитартә цхыраагӡа аизгара иалахәын Аԥсны ауааԥсыра, Москватәи адиаспора, иара убас ацхыраара ҟарҵеит Аԥсны аиҳабыра.
джәр
лжәр
украина
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/11/1038158107_231:0:2962:2048_1920x0_80_0_0_b3027f45c22d32db7a06e87d8aeba3df.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аполитика, джәр, лжәр, украина
ажәабжьқәа, аполитика, джәр, лжәр, украина
Урыстәыла АҶА ҩнызқь тонна рҟынӡа агуманитартә цхыраагӡа Донбасси Украинеи рахь инаргеит
Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Урыстәыла АҶА агуманитартә операциа аҳәаақәа ирҭагӡаны 500 тонна ацхыраара нагоуп.
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Урыстәыла АҶА ҩнызқь тонна рҟынӡа агуманитартә цхыраагӡа Донбасси Украинеи руааԥсыра ирызнаргахьеит арратә операциа иаалагазар ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Иазгәаҭоуп ари амчыбжь азы 50 ак еидарамҩангагатә техника Ногинсктәии Донтәии ацхырааратә усбарҭақәа рҟынтәи Донбасси Украина арегионқәаки рахь инаргеит 500 тонна ацхырааратә еидара. Иара убасгьы Белгородтәи, Ростовтәи аобластқәеи Ҟрыми рҿы аизгара иаҿуп агуманитартә еидара.
Ростовтәи аобласт аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы аус руеит АҶА аусура иазырхоу ақалақь маҷқәа ҩба.
Хәажәкыра 16 азы Таганрогтәи аихамҩатә станциаҿынтә Владимиртәи аобласт ахь АҶА аусзуҩцәеи аволонтерцәеи имҩаԥыргеит Донбассынтәи 400-ҩык ахҵәацәа. Урыстәылаҟа иахыргахьеит 13 000-ҩык ахҵәацәа.
Хәажәкыра 12 азы Аԥсны АҶА Лугансктәи ареспубликахь агуманитартә цхыраагӡа нанагеит.
Аидарамҩангагақәа хәба шәырла, хәмаргала, аԥаҭликақәа ирҭоу ӡыла, фатәыла, ацитрусқәа рыла ирҭәны уахь инеит.
Агуманитартә цхыраагӡа аизгара иалахәын Аԥсны ауааԥсыра, Москватәи адиаспора, иара убас ацхыраара ҟарҵеит Аԥсны аиҳабыра.