Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи рсахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа

"Аԥшшәы" захьӡу ацәыргақәҵа еиҿкаауп аԥснытәии липецктәии асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа рҭыхымҭақәа 70 инарзынаԥшуа рӡыргарала.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21- Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа рцәыргақәҵа "Аԥшшәы" аатит Аҟәа Ахәыҷтәы ҟазаратә ҩны "Аинар" аҟны хәажәкырамза 21 рзы. Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит жәларбжьаратәи аҟазаратә проект "Арт-палитра" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ахәыҷтәы ҟазаратә ҩны "Аинар" аиҳабы Витали Қацәба иҳәеит ацәыргақәҵа шеиҿкаау Липецктәи асахьаҭыхратә школи дареи реимадара иабзоураны.
"9 шықәса ҵуеит Липецктәи асахьаҭыхратә школи ҳареи аимадара ҳабжьоижьҭеи. Иахьатәи ацәыргақәҵа ааԥынратәи цәыргақәҵоуп. Иара еиҿкаауп ҳусеицура амчала, ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рыманы иаҳзааит. Убас араҟа ицәыргоуп ҳара ҳҵаҩцәа рҭыхымҭақәагьы, убасгьы иалагалоуп арҵаҩцәа русумҭақәагьы. Асахьақәа азҿлымҳара рыҵоуп, ахәыҷқәа рыгәҭахәыцра хәыҷқәа, рцәаныррақәа роуп ақьаад ахь ииарго", - ҳәа иҳәеит Ахәыҷтәы ҟазаратә ҩны "Аинар" аиҳабы Витали Қацәба.
1 / 13

Асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа рцәыргақәҵа "Аԥшшәы" аатит Аҟәа Ахәыҷтәы ҟазаратә ҩны "Аинар" аҟны хәажәкырамза 21 рзы.

2 / 13

3 / 13

4 / 13

5 / 13

6 / 13

7 / 13

8 / 13

9 / 13

10 / 13

11 / 13

12 / 13

13 / 13

Ацәыргақәҵаҟны иӡыргоуп 70 усумҭа. Витали Қацәба иҳәеит ас еиԥш ацәыргақәҵақәа анеиҿкаау, еснагь рысасцәеи дареи рыбжьара ишымҩаԥырго амастер-классқәа.
"Липецктәи асахьаҭыхратә училишьеи ҳареи иҳабжьоуп амастер классқәа рымҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра. Есҭагалан уахь ҳцоит ҳҭыхымҭа хәыҷқәа ҳаманы, уаҟа ацәыргақәҵа ашьҭахь ҳхәыҷқәеи ҳарҵаҩцәеи злахәу еиуеиԥшым амастер-лассқәа еицымҩаԥаҳгоит", - ҳәа иҳәеит Қацәба.
Ахәыҷтәы ҟазарҭатә ҩны "Аинар" ацәыргақәҵа иаҭаарц рылшоит акультура абзиабаҩцәа зегьы мшаԥымза 15-нӡа, асааҭ 15:00 инаркны 18:00-нӡа.
Аԥсны
Аҟазараҿы ашәҭқәа: Аҟәа иаатит ааԥынтәи сахьала иҩычоу ацәыргақәҵа