https://sputnik-abkhazia.info/20220307/aazaray-asha-aa-iaatit-aaynti-sakhala-iychou-atsyrgaa-1037988294.html
Аҟазараҿы ашәҭқәа: Аҟәа иаатит ааԥынтәи сахьала иҩычоу ацәыргақәҵа
Аҟазараҿы ашәҭқәа: Аҟәа иаатит ааԥынтәи сахьала иҩычоу ацәыргақәҵа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥсны ацәыргақәҵатә зал хада аҟны Аҳәса жәларбжьартәи рымш хәажәкыра ааба аламҭалаз иаатит "Аҟазараҿы ашәҭқәа"... 07.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-07T21:40+0300
2022-03-07T21:40+0300
2022-03-07T21:40+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/07/1037986968_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_c833ea5d7b08a9ae34a26f955d7ea055.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥсны ацәыргақәҵатә зал хада аҟны Аҳәса жәларбжьартәи рымш хәажәкыра ааба аламҭалаз иаатит "Аҟазараҿы ашәҭқәа" захьӡу ацәыргақәҵа. Араҟа иҟоуп 80 инарзынаҧшуа аусумҭақәа: ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа реиԥш акыршықәса зхыҵуа аҭыхымҭақәагьы. Насгьы лара иазгәалҭеит, ацәыргақәҵа аиҿкаараҟны адгылара шрырҭаз "Москва аҩны" анапхгара. "Ас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵа ду аиҿкаара имариам усуп. Иҭабуп ҳәа расҳәоит адгылара ҳазҭаз зегьы", - ҳәа лҳәеит лара. Аекспозициақәа рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп аҿар рҭыхымҭақәа реиԥш аиҳабыратәи абиԥара иаҵанакуа, аҳәаанырцәтәи аҟазацәа русумҭақәагьы. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа еизаз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо иааиуа аҳәса рымш ныҳәа рыдиныҳәалеит. "Иахьатәи ҳцәыргақәҵа зызку аҳәса рымш ныҳәа ауп. Ааԥынтәи агәалаҟара шәзаԥаҳцартә еиԥш ҳҽазаҳшәеит аиҿкааҩцәа, агәахәара шәнаҭап ҳәа агәыӷра ҳамоуп", - ҳәа иҳәеит иара. Ацәыргақәҵа иаҭааз аҟазара абзиабаҩцәа рхыԥхьаӡара рацәан, аҭыхымҭақәа зҿлымҳарыла ирызнеиуан еимырдаауан, асахьақәа ҭырхуан. "Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп аныҳәа аламҭалазы ас еиԥш иссиру ацәыргақәҵа ҳзеиҿызкааз. Аҟазара иазааигәоу ауаҩы ахәшьара бзиа аимҭар залшом, зегь рыла иблахкыгоуп аҭыхымҭақәа", - ҳәа лгәаанагара ҳацеиҩылшеит ахәаԥшцәа руаӡәк. Ас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵақәа мҩаԥыслоит есышықәса. "Аҟазараҿы ашәҭқәа" рцәыргақәҵа аҭааҩцәа рзыҳәаны иаартуп жәамш.
https://sputnik-abkhazia.info/20220304/asazaara-ashshy-igor-tsimintia-iusumaa-rtsyrgaa-aatit-gdoua--1037934842.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/07/1037986968_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_ec0b570917ad05b9208d7bce9bb14ad2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥсны ацәыргақәҵатә зал хада аҟны Аҳәса жәларбжьартәи рымш хәажәкыра ааба аламҭалаз иаатит "Аҟазараҿы ашәҭқәа" захьӡу ацәыргақәҵа. Араҟа иҟоуп 80 инарзынаҧшуа аусумҭақәа: ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа реиԥш акыршықәса зхыҵуа аҭыхымҭақәагьы.
"Ари ацәыргақәҵа аиҿкаара ҳара ҳзыҳәаны аҵакы амоуп. Ицәыргоуп аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ҟазақәа иреиӷьӡоу русумҭақәа. Убас "Аҟазараҿы ашәҭқәа" еиднакылоит ашәышықәса иагәылганы иаагоу аҭыхымҭа ссирқәа", - ҳәа лҳәеит ацәыргақәҵа аартуа Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Насгьы лара иазгәалҭеит, ацәыргақәҵа аиҿкаараҟны адгылара шрырҭаз "Москва аҩны" анапхгара. "Ас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵа ду аиҿкаара имариам усуп. Иҭабуп ҳәа расҳәоит адгылара ҳазҭаз зегьы", - ҳәа лҳәеит лара.
Аекспозициақәа рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп аҿар рҭыхымҭақәа реиԥш аиҳабыратәи абиԥара иаҵанакуа, аҳәаанырцәтәи аҟазацәа русумҭақәагьы. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа еизаз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо иааиуа аҳәса рымш ныҳәа рыдиныҳәалеит.
"Иахьатәи ҳцәыргақәҵа зызку аҳәса рымш ныҳәа ауп. Ааԥынтәи агәалаҟара шәзаԥаҳцартә еиԥш ҳҽазаҳшәеит аиҿкааҩцәа, агәахәара шәнаҭап ҳәа агәыӷра ҳамоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Ацәыргақәҵа иаҭааз аҟазара абзиабаҩцәа рхыԥхьаӡара рацәан, аҭыхымҭақәа зҿлымҳарыла ирызнеиуан еимырдаауан, асахьақәа ҭырхуан.
"Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп аныҳәа аламҭалазы ас еиԥш иссиру ацәыргақәҵа ҳзеиҿызкааз. Аҟазара иазааигәоу ауаҩы ахәшьара бзиа аимҭар залшом, зегь рыла иблахкыгоуп аҭыхымҭақәа", - ҳәа лгәаанагара ҳацеиҩылшеит ахәаԥшцәа руаӡәк.
Ас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵақәа мҩаԥыслоит есышықәса. "Аҟазараҿы ашәҭқәа" рцәыргақәҵа аҭааҩцәа рзыҳәаны иаартуп жәамш.