Аԥсны

Аԥсны Апарламент Аграждантә закәанеидкыла аԥсахрақәа аланагалеит

Аԥсахрақәа ирыҵаркуеит Аԥсны Аграждантә закәанеидкыла ахәҭаҷ 47 актәи ахәҭа, апункт 7, аграждантә ҭагылазаашьа актқәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент хәажәкыра 21 азтәи аилатәараҿы Аграждантә закәанеидкыла аԥсахрақәа аланагалеит.
Аилыркааратә шәҟәаҿы ишаҳәо ала, аԥсахрақәа аҭахны иҟалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан "Аграждантә ҭагылазаашьа актқәа рзы" ахарҭәаарақәа ахьаларгало азы, урҭ ахарҭәаарақәа иазԥхьагәарҭоит ареспублика аҵакыраҿы инхо Аԥсны атәылауаа, аҳәаанырцә тәылауаа, атәылауаҩра змам ахаҿқәа рмилаҭтә ҟазшьа аԥсахра адагьы аԥсуа милаҭ ишатәу аиҭашьақәыргылара азин рыҭара.
"Аграждантә закәанеидкыла ахәҭаҷ 47 аҿы иарбоуп аҳәынҭқарратә ҭаҩра зыхәҭоу аграждантә ҭагылазаашьа актқәа реиқәыԥхьаӡа ныҭкааны. Иарбоу ахәҭаҷ харҭәаатәуп аҽа граждантә ҭагылазаашьак акт ала: аԥсуа милаҭ ишатәу аиҭашьақәыргылара. Ари иалнаршоит Аграждантә закәанеидкылеи "Аграждантә ҭагылазаашьазы" Аԥсны азакәани реиҿагыларақәа раԥыхра", - ҳәа аҳәоит аилыркаагаҿы.
Иара убасгьы уа иазгәаҭоуп аԥсахрақәа ишалдыршо атәылауаа, змилаҭра еиҭашьақәзыргыларц зҭаху, рзинқәа рԥымкра.
Абри азинтә ҭышәныртәалара агхақәа риашахоит атәылауаа рмилаҭра аиҭакра адагьы аиҭашьақәыргылара азин рыҭарала, ари азин зауа асубиектқәа рхыԥхьаӡара иацҵо.
Азакәан иара убасгьы ахарҭәаарақәа алагалахоит аԥсуа жәлақәа реиҭашьақәыргыларазы, ара инхо аԥсуаа реиԥш аҳәаанырцә инхогьы атәылауаҩра змам ахаҿқәа рызгьы. Аԥсахрақәа рыдкылан ахԥатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала. Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа иазгәеиҭеит ари ирыдыркылахьоу рҟынтәи иналукааша проектны ишыҟоу.