https://sputnik-abkhazia.info/20220321/asny-aparlament-agrazhdant-zakaneidkyla-asakhraa-alanagaleit-1038229999.html
Аԥсны Апарламент Аграждантә закәанеидкыла аԥсахрақәа аланагалеит
Аԥсны Апарламент Аграждантә закәанеидкыла аԥсахрақәа аланагалеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсахрақәа ирыҵаркуеит Аԥсны Аграждантә закәанеидкыла ахәҭаҷ 47 актәи ахәҭа, апункт 7, аграждантә ҭагылазаашьа актқәа. 21.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-21T15:03+0300
2022-03-21T15:03+0300
2022-03-21T15:03+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
аԥсны жәлар реизара аусура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/15/1038228284_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_06aac26deecdb71e6c9c0fe587378f25.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент хәажәкыра 21 азтәи аилатәараҿы Аграждантә закәанеидкыла аԥсахрақәа аланагалеит. Аилыркааратә шәҟәаҿы ишаҳәо ала, аԥсахрақәа аҭахны иҟалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан "Аграждантә ҭагылазаашьа актқәа рзы" ахарҭәаарақәа ахьаларгало азы, урҭ ахарҭәаарақәа иазԥхьагәарҭоит ареспублика аҵакыраҿы инхо Аԥсны атәылауаа, аҳәаанырцә тәылауаа, атәылауаҩра змам ахаҿқәа рмилаҭтә ҟазшьа аԥсахра адагьы аԥсуа милаҭ ишатәу аиҭашьақәыргылара азин рыҭара.Иара убасгьы уа иазгәаҭоуп аԥсахрақәа ишалдыршо атәылауаа, змилаҭра еиҭашьақәзыргыларц зҭаху, рзинқәа рԥымкра.Абри азинтә ҭышәныртәалара агхақәа риашахоит атәылауаа рмилаҭра аиҭакра адагьы аиҭашьақәыргылара азин рыҭарала, ари азин зауа асубиектқәа рхыԥхьаӡара иацҵо.Азакәан иара убасгьы ахарҭәаарақәа алагалахоит аԥсуа жәлақәа реиҭашьақәыргыларазы, ара инхо аԥсуаа реиԥш аҳәаанырцә инхогьы атәылауаҩра змам ахаҿқәа рызгьы. Аԥсахрақәа рыдкылан ахԥатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала. Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа иазгәеиҭеит ари ирыдыркылахьоу рҟынтәи иналукааша проектны ишыҟоу.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/15/1038228284_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_62588b5a8ea3db58ece3ea0bdce9467c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра, аԥсны жәлар реизара аусура
ажәабжьқәа, ауаажәларра, аԥсны жәлар реизара аусура
Аԥсны Апарламент Аграждантә закәанеидкыла аԥсахрақәа аланагалеит
Аԥсахрақәа ирыҵаркуеит Аԥсны Аграждантә закәанеидкыла ахәҭаҷ 47 актәи ахәҭа, апункт 7, аграждантә ҭагылазаашьа актқәа.
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент хәажәкыра 21 азтәи аилатәараҿы Аграждантә закәанеидкыла аԥсахрақәа аланагалеит.
Аилыркааратә шәҟәаҿы ишаҳәо ала, аԥсахрақәа аҭахны иҟалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан "Аграждантә ҭагылазаашьа актқәа рзы" ахарҭәаарақәа ахьаларгало азы, урҭ ахарҭәаарақәа иазԥхьагәарҭоит ареспублика аҵакыраҿы инхо Аԥсны атәылауаа, аҳәаанырцә тәылауаа, атәылауаҩра змам ахаҿқәа рмилаҭтә ҟазшьа аԥсахра адагьы аԥсуа милаҭ ишатәу аиҭашьақәыргылара азин рыҭара.
"Аграждантә закәанеидкыла ахәҭаҷ 47 аҿы иарбоуп аҳәынҭқарратә ҭаҩра зыхәҭоу аграждантә ҭагылазаашьа актқәа реиқәыԥхьаӡа ныҭкааны. Иарбоу ахәҭаҷ харҭәаатәуп аҽа граждантә ҭагылазаашьак акт ала: аԥсуа милаҭ ишатәу аиҭашьақәыргылара. Ари иалнаршоит Аграждантә закәанеидкылеи "Аграждантә ҭагылазаашьазы" Аԥсны азакәани реиҿагыларақәа раԥыхра", - ҳәа аҳәоит аилыркаагаҿы.
Иара убасгьы уа иазгәаҭоуп аԥсахрақәа ишалдыршо атәылауаа, змилаҭра еиҭашьақәзыргыларц зҭаху, рзинқәа рԥымкра.
Абри азинтә ҭышәныртәалара агхақәа риашахоит атәылауаа рмилаҭра аиҭакра адагьы аиҭашьақәыргылара азин рыҭарала, ари азин зауа асубиектқәа рхыԥхьаӡара иацҵо.
Азакәан иара убасгьы ахарҭәаарақәа алагалахоит аԥсуа жәлақәа реиҭашьақәыргыларазы, ара инхо аԥсуаа реиԥш аҳәаанырцә инхогьы атәылауаҩра змам ахаҿқәа рызгьы. Аԥсахрақәа рыдкылан ахԥатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала. Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа иазгәеиҭеит ари ирыдыркылахьоу рҟынтәи иналукааша проектны ишыҟоу.