АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҳауатә цәаҳәа "Калдахәара" еиҭашьақәыргылоуп хәажәкыра 22 шьыбжьаанӡа ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Анаплакы аҿы ирҳәеит аԥхасҭа аԥыххаанӡа иалагаланаы ирымаз алашара аамҭа-аамҭала арцәарақәа аанкылоуп ҳәа.
Аҳауатә цәаҳәа "Калдахәара" аҿы авариа мзызс иаиуит уаанӡеиԥш афымцатәҳақәа ирықәу аидара ахьанҭара.
Уаанӡа, Гәдоуҭа араион аҿы афымцалашара аамҭа-аамҭала идырцәо иалагеит аҳауатә цәаҳәа "Калдахәара" хәажәкыра 9 рзы иаиуз аԥхасҭа аԥырхаанӡа. Алашара ҩба-ҩба сааҭ идырцәон. Адырҩаҽны авариа аԥыхын.