Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Азҵаараҭҵаара: 70 процент иреиҳаны урыстәылаа Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда иадгылоит

Ауаажәларратә гәаанагара аҭҵааразы Урыстәылазегьтәи Ацентр (ВЦИОМ) адыррақәа азнархиет, урыстәылаа Украина имҩаԥысуа арратә операциа ҷыда амҩаԥгарази асанкциақәа рықәыӷәӷәара рырмариарази имҩаԥырго ауснагӡатәқәа рзы ргәаанагара.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Ауаажәларратә гәаанагара аҭҵааразы Урыстәылазегьтәи Ацентр (ВЦИОМ) адыррақәа иаадырԥшит Украина абџьархыхразы имҩаԥысуа арратә операциа иадгыло урыстәылаа рхыԥхьаӡара шеиҳахаз.
Арратә операциа амҩаԥгара иадгылоит 74 процент атәылауаа. Жәабран 25 иадукылозар уи 9 процентк еиҳахеит. Аоперациа иадгылом 17 процент (8 процентк рыла еиҵоуп жәабран 25 азы аасҭа). 9 процентк макьаназ ирҳәаша рыздырам.
Аоперациа ҷыда ахықәкқәа еилыркаауа иалагеит ҳәа азгәанаҭоит Аҭҵааратә центр.
46 процент изазҵааз ирҳәеит аоперациа ҷыда Украина абџьархыхра, Урыстәыла ахьчара, НАТО атәыла аҳәаақәа рҿы аҟамзаара хықәкыс иамоуп ҳәа. 19 процент – Украина аполитикатә хықәкы аԥсахроуп рҳәеит, 17 процент –Донбасс ауааԥсыра рыхьчароуп рҳәеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Арбџьармчқәа уахыки-ҽнаки рыла Украина арратә ргыларақәа 100 ҭадырхеит
5 процентк ари азҵаара аҭакс Украина Урыстәыла адҵароуп рҳәеит. Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа рзы акәзар изазҵааз рыбжеиҳараҩык аиҳабыра руснагӡатәқәа аҭагылазаашьа дырҽеиуеит рҳәоит (61 процент), уи алшом ҳәа изыԥхьаӡо рхыԥхьаӡара 24 процент ыҟоуп.
Ари азҵаара аҭак рцәыуадаҩхеит 15 процент. Аҿагыларатә акциақәа мҩаԥгахозар ҳхы рылаҳархәуам ҳәа рҳәеит 85 процент ауааԥсыра.