АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Цандрыԥшьтәи "Саӡи" аҟәатәи "Динамои" рыхәмаррала хәажәкыра 24 азы Даур Ахвледиани ихьӡ зху гагратәи астадион аҟны иаартын Аԥсны ашьапылампыл азы XXIX ачемпионат.
Актәи ахәмарра аҟны "Саӡ" ашьапылампыласыҩ Ҭимыр Сақаниа иџьбараз ихәмарра иахҟьаны аӡбаҩ Дмитри Жуков абӷьыц ҟаԥшь ииҭеит. "Динамо" "Саӡ" рмаҷра рмыхәеит, аҳҭнықалақь ашьапылампыласҩцәа амба ампыл рыцәҭашәеит.
41-тәи аминуҭазы "Саӡ" акоманда ашьапылампыласҩы Ашот Маркариан жәеиза метра ала ампыл ҭаиршәуеит. Ашьҭахь уи аҩыза алшара роуит "Динамо" ашьапылампыласҩцәагьы, аҳҭнықалақь акоманда акапитан Аслан Багаҭелиа ахыԥхьаӡара еиҟареитәуеит - 1:1.
Ахәмарра аҩбатәи ахәҭаҟны аҩ-командакгьы ибзианы ихәмаруан, аха аиааира рылшеит цандрыԥшьтәи аспортсменцәа. 93-тәи аминуҭазы Денис Павлов иҭаиршәыз ампыл иабзоураны ахәмарра хыркәшахеит 2:1 ҳәа.
Аԥсны ачемпионат иалахәхоит ашьапылампылтә командақәа ааба: галтәи "Самырзаҟан", очамчыратәи "Ерцахә", аҟәатәи "Нарҭи" "Динамои", афонтәи акоманда "Афон", гәдоуҭатәи "Риҵа", гагратәи акоманда "Гагра", цандрыԥшьтәи "Саӡ".