Аԥсны

Џьуартәи аӡеизакырҭаҿ аӡы астанциа аанкылараҟынӡатәи аҩаӡараҿ илеины иҟоуп

Хәажәкыра 17 азы аамҭа-аамҭалатәи алашара арцәараз аамҭеихша аԥсахрақәа алагалан. Уи ахҟьоит Џьуартәи аӡеизакырҭаҿ аӡы аҟамзаареи афымцацәаҳәақәа ирықәу ахьанҭареи.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik. Џьуартәи аӡеизакырҭаҿ аӡы леины иҟоуп астанциа аусура ааныркыларатә ҳәа арадио Sputnik адырра аиҭеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа.
Иара иажәақәа рыла аӡы 413 метра арбагаҿ иҟоуп. Астанциа аусура аанкыларазы 410 метра арбоуп.

"Ииашаны аҭагылазаашьа уадаҩуп. Аӡааира секундк ала 32 кубометра роуп иҟоу. Уи азхом. Афымцамч ахархәара уаанӡатәи ашықәсқәа ирыҿурԥшуазар акыр иҳаракуп. Изакәанымкәа афымцатә ҳақәа аҽрыԥшьра ирҿагыло ауснагӡатәқәа лҵшәа дук аадырԥшуам", - иҳәеит иара.

Гагәылиа иҳәеит аҭагылазаашьа зыԥсахуаны иҟоу аӡлеира шакәу. Уи ашьхараҿы асыршәқәа рыӡҭра иадҳәалоуп – мшаԥы, лаҵара амзақәа рзы акәхоит.
Ареспубликаҿ аҭагылазаашьа еиӷьхар урыстәылатәи алашара ада ахахәара ауеит, аха аамҭала алашара арцәара ҳаҟәыҵуеит ҳәа макьаназ иҳазҳәом ҳәа иҳәеит иара.
Гагәылиа иажәақәа рыла аԥхынразгьы алашара арцәара аанхоит, амчхарақәа ахьмаҷу азы. Иара ишиҳәо ала 40 станциа маҷ рҿы атрансформатортә мчхарақәа азхом.