Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар Харьковтәи аобласт ақалақь Изиум ахы иақәиҭыртәит

Жәабран 24 азы Урыстәыла арратә операциа ҷыда иалагеит Украина абџьархыхразы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik. Урыстәылатәи ар Украина, Харьковтәи аобласт ақалақь Изиум ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауиет РИА Новости Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Урыстәылатәи афедерациа арратә мчрақәа арратә операциа амҩаԥгаразы рнапынҵақәа нарыгӡоит. Хәажәкыра 24 ашьыжь урыстәылатәи арҟәшақәа рнапахьы иааргеит ақалақь Изиум", - ҳәа иҳәеит Конашенков ашьыжьтәи абрифинг аҟны.

Изиум украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа рнапаҿы иҟан.
Уаанӡа, хәажәкыра 20 азы Урыстәыла аруаа, Росгвардиеи СОБРи реибашьцәа рылахәны уахынланы Изиум акалҭ аганахь ала аӡы ирсны аплацдарм рнапахьы иааргеит. Уахыки-ҽнаки аӷа дыԥхьарцон, анаҩс аӷа амацәаз иҭакра алыршаны аӡы иӡсо ацҳа хырҵеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла иҷыдоу азыҟаҵара змоу 300-ҩык рҟынӡа амилаҭеилыхцәа ҭадырхеит
Жәабран 24 аахыс Урыстәыла Донбасс ареспубликақәа рнапхгаҩцәа иҟарҵаз аҳәарала Украина абџьархыхразы аоперациа ҷыда мҩаԥнагоит. Урыстәылатәи ар абџьар ҷыдала аӷа ири ирратә хыбрақәеи аахақәа рырҭоит. Аҩ-ганкгьы рҟны ацәыӡқәа ыҟоуп. Аурыс ар рыцхыраарала ажәыларақәа мҩаԥыргоит Донецки Лугански рыргьы.
Аԥсны Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа адгылара анаҭеит, Москва инашьҭарххны ДЖәРи ЛЖәРи рсуверенитет азханаҵеит. Иара убасгьы Аҟәа ирыдыркылеит Донбасстәи ахҵәацәа. ДЖәРи ЛЖәРи руааԥсыра Аԥснынтәи ирзынашьҭуп агуманитартә цхыраара.