Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла иҷыдоу азыҟаҵара змоу 300-ҩык рҟынӡа амилаҭеилыхцәа ҭадырхеит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПерешедший под контроль ДНР город Волноваха
Перешедший под контроль ДНР город Волноваха - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2022
Анапаҵаҩра
Жәабран 24 аахыс Урыстәыла Украина аҵакыраҿы арратә операциа ҷыда мҩаԥнагоит атәыла абџьархыхрази инеитралу атәыла астатус аиура алыршарази.
АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Украина имҩаԥысуа арратә операциа ҷыда аан урыстәылатәи ҷыдала азыҟаҵара змоу 300-ҩык рҟынӡа амилаҭеилыхцәа ҭадырхеит Харьковтәи аобласт аҿы ҳәа аҳәоит Росгвардиа асаит.

"Росгвардиа ҷыдала азыҟаҵара змоу аполковник С. Хаирудинов напхгара риҭон ишәарҭаз ахырхарҭаҿы аоперациа мҩаԥызгоз аррамаҵзурауаа. Иара инапхгарала аибашьцәа рхы иақәиҭыртәит аиланхарҭа ҭыԥқәа хәба, иҭадырхеит 300-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа ргәыԥи абџьари арратә техникеи", - ҳәа аҳәоит арелиз аҿы.

Анаҩс Хаирудинов инапхгарала ҷыдала азыҟаҵара змоу арратә техника рымҩасра ашәарҭадареи агуманитартә цхыраара анагареи еиҿыркааит.
Адырраҭараҿы иаҳәоит Росгвардиа алахәылацәа изныкымкәа рмаҵзуратә напынҵақәа рынагӡараан фырхаҵарыла рхы шаадырԥшуа. Ҷыдала ирзааҭгылан афицарцәа Исаков, Марченко, Карепов. Карепов гәымшәарыла ихы ахьааирԥшуаз азы ианашьоуп "Агәымшәараз" амедал.
Брошенный ВСУ гаубичный дивизион в Бердянске - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украинатәи ар ацәыӡқәа рацәаны ирымоуп ҳәа иҳәеит Пушилин
Жәабран 24 азы Урыстәыла Украина аҵакыраҿы арратә операциа ҷыда иалагеит атәыла абџьархыхрази инеитралу атәыла астатус аиура алыршарази.
Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәеит уи хықәкыс ишамоу киевтәи арежим агеноцид зыдҟанаҵалоз Донбасс ауааԥсыра рыхьчара.
Хәажәкыра 23 азтәи адыррақәа рыла иҭархоуп: 1,5 нызқь танки акәылӡы машьынақәеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 246 Bayraktar TB2 налаҵаны, 184 ҳаирплани вертолиоти, 156 реактивтә системеи.
Освобожденные от ВСУ районы на окраине Мариуполя - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Азҵаараҭҵаара: 70 процент иреиҳаны урыстәылаа Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда иадгылоит
Ажәабжьқәа зегьы
0