Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар украинатәи амилаҭеилыхцәа рбаталион агыларҭа дырхәашеит

Украина абџьархыхразы аоперациа цоижьҭеит иҭархоуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 257, 202 зенитн-ракетатә комплекс, 1,6 нызқь танки акәылӡтәы техникеи.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik. Урыстәылатәи ар Лугансктәи аобласт, Лисичанск ақалақь мраҭашәаратәи ахәҭаҿы игылаз украинатәи амилаҭеилыхцәа рбаталион ракетала ааха рырҭеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Ажәыларақәа ирылҵшәаны иҭархоуп 13 зенит-ракетатә комплекс, урҭ рҟынтәи С-300 жәба, "Бук-М1" ҩба, Киев аладатәи ахәҭаҿтәи аиланхарҭатә ҭыԥ Даниловка аҿы иҭархоуп ар рыштаб, Донецктәи аобласт, аиланхарҭатә ҭыԥ Бахмут аҿы – аракета-артиллериатә бџьар, иара убасгьы Лисичанск ақалақь мраҭашәаратәи ахәҭаҿы игылаз украинатәи амилаҭеилыхцәа рбаталион", - ҳәа иҳәеит аинрал-маиор.

Аминистрра адыррақәа рыла урыстәылатәи авиациа хәажәкыра 23 - 24 азы арратә хыбрақәа 60 ааха рырҭеит, урҭ рҟынтәи 47 рҿы Украина ари арратә техникеи иргыларҭан. Урыстәылатәи ПВО икарыжьит аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа.
Конашенков иҳәеит аекспертцәа ишаадырԥшыз ЕАА абиологиатә бџьар Украина аус шаднауылоз. ЕАА афармацевтикатә еилахәырақәа руак ашәҟәы иҭагалам ахәшәқәа украинатәи аруаа рҟны рҟазшьа агәаҭара аус адыруылон.
Абри азы аинформациа хара имгакәа аусбарҭа иӡырнагараны иҟоуп.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла иҷыдоу азыҟаҵара змоу 300-ҩык рҟынӡа амилаҭеилыхцәа ҭадырхеит