Аԥсны

Атәылахьчара аминистрра: Қырҭтәыла Аԥсны аҳәаа иахьаԥну иҷыдоу арратә усмҩаԥгатәык иаҿӡам

Ахәаша хәажәкыра 25 рзы Аҟәа имҩаԥысит арегион аҿы ашәарҭадара азҵаарақәа ирызкыз астол гьежь "Аԥсни Урыстәылеи: ашәарҭадара апроблемақәа, уи еиҿыркааит "Аԥсны жәлар рконгресс", Аԥсны урыстәылауаа рзинхьчара ацентр, Асоциал-економикатә ҿиара ацентр.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, ақырҭуа арбџьармчқәа Аԥсны аҳәаа иахьаԥну иҷыдоу усмҩаԥгатәык иаҿӡам ҳәа иҳәеит Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Илиа Гамсаниа.
Аусбарҭа иамоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла аганахьала иахьатәи аамҭазы аибашьразы ашәарҭара ыҟам. Убри аан Аԥсны иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа нанагӡоит атәылахьчара арӷәӷәаразы иҳәеит Гамсаниа.
"Акы амҩаԥгара акәым, дара рхымҩаԥгашьа злаҟоу ала, зынӡагьы ирҭахым арбџьармчқәа ҳҳәааҿы рырӷәӷәара. Аха уи иаанагом ҭынч ҳгәы раҳаҭны ҳтәар ҳалшоит ҳәа. Ҳара ҳзыхьчо, ҳзықәгәыӷуа - Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи иҳабжьоу ҳаруаа рзеиԥш гәыԥ азы аиқәшаҳаҭра ауп, уи иахьагьы ҳақәныҟәоит. Ари агәыԥ ҳазлоу аҿы хыдҵақәак ҳамоуп, урыстәылатәи агангьы убас", – ҳәа инаҵишьит иара.
Аԥсны иамоу амчи алшареи аӷа дҳақәлар аҭак иҭара, аԥсуа ар апроблемақәа маҷымкәа ишамоугьы, уи алшартә иҟоуп иҳәеит Гамсаниа.
"Раԥхьаӡа иргыланы урҭ апроблемақәа ҳтәыла аекономикатәи адемографиатәи ҭагылазаашьеи роуп, иара убас зегьы ирбо-ираҳауа ҷыдала узхымцәажәаша азҵаарақәагьы ыҟоуп", - иҳәеит Илиа Гамсаниа.
Аԥсны
Қырҭтәыла ААР аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь амчра ахы ишанамырхәо азы
Ахәаша хәажәкыра 25 рзы Аҟәа имҩаԥысит арегион аҿы ашәарҭадара азҵаарақәа ирызкыз астол гьежь "Аԥсни Урыстәылеи: ашәарҭадара апроблемақәа, уи еиҿыркааит "Аԥсны жәлар рконгресс", Аԥсны урыстәылауаа рзинхьчара ацентр, Асоциал-економикатә ҿиара ацентр.