Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур хацыркхеит

Абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 17 рҟны иаарту 69 алхратә ҭыԥқәа русура хыркәшахоит асааҭ 20:00 рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. Асааҭ 8:00 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа 17 алхырҭатә ҭыԥ рҟны ихацыркхеит Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур.
Абжьыҭаразы алхраҭә ҭыԥқәа аартын асааҭ 8:00 рзы, ихыркәшахоит 20:00 рзы. Аус рулоит 69 алхратә ҭыԥқәа.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аҩбатәи атур: Жәлар Реизарахь алхрақәа рзы идыртәу
Абжьыҭара инеиуа рхыԥхьаӡара иазԥҵәоу ыҟаӡам, азакәан инақәыршәаны бжьы заҵәык ала еиҳахаз акандидат даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы. 35 ҭыԥ рахь иқәгылан 123-ҩык акандидатцәа. Иахьазы адепутатцәа алхуп 17 алхырҭатә ҭыԥ рҿы, даҽа 17 ҭыԥ рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥгахоит,18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы - аиҭалхрақәа.