Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Аҩбатәи атур: Жәлар Реизарахь алхрақәа рзы идыртәу

© Sputnik / Томас Тхайцук Выборы в Народное Собрание Абхазии
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы, иахьазы адепутатцәа алхуп 17 алхырҭатә ҭыԥ рҿы, даҽа 17 ҭыԥ рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥгахоит. 18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур анымҩаԥгахои иалахәхои ртәы Sputnik аматериал аҟны.
Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥгахоит хәажәкыра 26 рзы. Уажәтәи алхрақәа актәи атур излеиԥшым ыҟоуп - абжьыҭара инеиуа рхыԥхьаӡара иазԥҵәоу ыҟаӡам, азакәан инақәыршәаны бжьы заҵәык ала еиҳахаз акандидат даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп.
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны
93 материал
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
12 Жьҭаара 2022, 21:55
Хәажәкыра 12 рзы еиҳа абжьы зауз акандидатцәа Жәлар Реизарахь 17 ҭыԥ рҿы иқәгылоуп 34-ҩык. Урҭ рҟынтәи ԥшьҩык ҳәсақәоуп 30-ҩык хацәоуп.
Алхрақәа мҩаԥгахоит:
Алхратә ҭыԥ хада №1 (Аҳабла ҿыц) - акандидатцәа Инар Гыцба, Гәында Кәыҵниаԥҳа;
Алхратә ҭыԥ хада №2 (Аҳабла ҿыц) - акандидатцәа Асҭамыр Гьерхьелиа, Дмитри Ҳалбад;
Алхратә ҭыԥ хада №3 (Ажәытә ҳабла ) - акандидатцәа Хына Думаа, Нарсоу Салаҟаиа;
Алхратә ҭыԥ хада №4 (Аҩадатәи) - акандидатцәа Баҭал Аиба, Ерик Рштуни;
Алхратә ҭыԥ хада № 6 (Агәантәи) - акандидатцәа Рауль Лолуа, Дмитри Маршьан;
Алхратә ҭыԥ хада № 7 (Абиблиотека) - акандидатцәа Рашида Аиба, Амиран Какалиа;
Алхратә ҭыԥ хада № 8 (Алашарбага) - акандидатцәа Леон Гәбаз, Наур Нарманиа;
Алхратә ҭыԥ хада № 13 (Гагратәи ақалақьтә) - акандидатцәа Алхас Барцыц, Реваз Бениа;
Алхратә ҭыԥ хада № 15 (Оҭҳаратәи) - акандидатцәа Алмасхан Барцыц, Бадрик Ԥлиа;
Алхратә ҭыԥ хада №20 (Аацытәи) - акандидатцәа Алиса Гәылариа, Рустам Мархолиа;
Алхратә ҭыԥ хада №21(Афонҿыцтәи) - акандидатцәа Ахра Ԥачлиа, Натали Смыр;
Алхратә ҭыԥ хада №22 (Ешыратәи) – акандидатцәа Алмасхан Арӡынба, Фазлыбеи Аҩӡба;
Алхратә ҭыԥ хада №28 (Гәыԥтәи) – акандидатцәа Демур Гогьиа, Ҭенгиз Какәбаа;
Алхратә ҭыԥ хада №29 (Ҷлоутәи) – акандидатцәа Алмас Акаба, Асҭамыр Ҭарба;
Алхратә ҭыԥ хада №32 (Очамчыратәи) – акандидатцәа Баҭал Џьопуа, Ешсоу Какалиа;
Алхратә ҭыԥ хада №33 (Тҟәарчалтәи актәи) – акандидатцәа Дамир Ӷорзолиа, Беслан Емырхәба;
Алхратә ҭыԥ хада №34 (Тҟәарчалтәи аҩбатәи) – акандидатцәа Герман Каҷараа, Ҭемыр Тҟьебучаа.
Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 аҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит лаҵарамза 14 2022 шықәсазы, араҟа иқәгылаз акандидатцәа рыҩџьагьы актәи атур аан иахәҭаз абжьқәа ахьырмоуз азы.
Аԥсны алхратә комиссиа хадаҿы алхрақәа аҩбатәи ртур аҽазыҟаҵара иаҿуп. Абжьаҭаразы абиуллетенқәа еиқәыршәоуп.
Абжьыҭаразы алхраҭә ҭыԥқәа аартхоит асааҭ 8:00 рзы, ихыркәшахоит 20:00 рзы. Аус рулоит 69 алхратә ҭыԥқәа. Аҩбатәи атур ахь жәларбжьаратәи анаԥшцәа ааԥхьаӡам.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы, иахьазы адепутатцәа алхуп 17 алхырҭатә ҭыԥ рҿы, даҽа 17 ҭыԥ рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥгахоит. 18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ аҟны агәыԥқәеи апартиақәеи ашәҟәы рҭагалара иалагоит хәажәкыра 25
Ажәабжьқәа зегьы
0