Аԥсны

Бабышьра ақыҭаҿы ахатәы ҩны блит

Аӡын аамҭазы ҳреспубликаҿы амцакрақәа рацәахеит, еиҳарак абылрақәа ахьыҟало ахатәы ҩнқәа рыҟны ауп, аҩнқәеи ауадақәеи рҿы амцакрақәа мзызс ирымоуп афымцатә цәаҳәақәа руашәшәырареи ирықәло ахьанҭарақәеи.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik. Гәылрыԥшь араион Бабышьра ақыҭаҿы аҩнеихагыла блит хәажәкыра 27-28 ауха, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Асааҭ 02:25 рзы адырра шыҟалаҵәҟьаз аҭыԥ ахь инеит Гәылрыԥшь араион амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба.
Амцарцәаҩцәа ирылшоз згьы шыҟарҵазгьы аҩны ҩықәыблаа ицеит.
Ауааԥсыра аӡәгьы ԥырхага имоуит. Амцакра зыхҟьаз шьақәдыргылоит.
Аԥсны
Гагра араион аҿы ахатәы ҩны блит