Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бабышьра ақыҭаҿы ахатәы ҩны блит

© Foto / МЧС АбхазииБабышьра ақытаҿы ахатәы ҩны блит
Бабышьра ақытаҿы ахатәы ҩны блит - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2022
Анапаҵаҩра
Аӡын аамҭазы ҳреспубликаҿы амцакрақәа рацәахеит, еиҳарак абылрақәа ахьыҟало ахатәы ҩнқәа рыҟны ауп, аҩнқәеи ауадақәеи рҿы амцакрақәа мзызс ирымоуп афымцатә цәаҳәақәа руашәшәырареи ирықәло ахьанҭарақәеи.
АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik. Гәылрыԥшь араион Бабышьра ақыҭаҿы аҩнеихагыла блит хәажәкыра 27-28 ауха, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Асааҭ 02:25 рзы адырра шыҟалаҵәҟьаз аҭыԥ ахь инеит Гәылрыԥшь араион амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба.
Амцарцәаҩцәа ирылшоз згьы шыҟарҵазгьы аҩны ҩықәыблаа ицеит.
Ауааԥсыра аӡәгьы ԥырхага имоуит. Амцакра зыхҟьаз шьақәдыргылоит.
Пожар в  Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2022
Аԥсны
Гагра араион аҿы ахатәы ҩны блит
Ажәабжьқәа зегьы
0