Аԥсны

Симониан: Аԥсны – адунеи аҿы реиҳа иԥшӡоу тәылоуп

Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониани лыԥшәма арежиссиор, апродиусер, асценарист Тигран Кеосаиани Аԥсныҟа иааиит хәажәкыра 29 азы. Урҭ ара рыҟазаараан атәыла ахада иԥылоит, Аԥсны ААР амедиацентр аартра рхы аладырхәуеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа даниԥылоз илҳәеит Аԥсны – адунеи аҿы реиҳа иԥшӡоу тәылоуп ҳәа.
"Ҳара ара иаабоит адунеи аҿы реиҳа иԥшӡоу атәыла. Тиграни сареи имаҷым иаабахьо аҭыԥқәа ах ара иршанхагоуп", - ҳәа лҳәеит Симониан.
"Россия сегодня" аредактор хада аԥсабара зегь аԥшӡарадагьы ддыршанхеит хәажәкырамзазы ишәҭыз амагнолиа суланжа, аҭыԥантәи ауаа ргәыҭбаара. Лара лажәақәа рыла, амшын аԥшаҳәаҿы ианыҟаз, ауаа дшырдыруаз, иаангыланы ишлацәажәоз, имҩаԥылго лусуразы ҭабуп ҳәа шырҳәоз, рпатреҭ лыцҭырхырц шырҭахыз.
Тигран Кеосаиан игәалаиршәеит аҵыхәтәаны Аԥсны дшыҟаз 1979 шықәсазы.
"Исгәалашәоит, 1979 шықәсазы сыҟазаара, хымԥада арахь даҽазнык сеиҭаатәуп ҳәа шысҳәоз", - иҳәеит арежиссиор.
Маргарита Симониан илҳәеит лыԥшәма ишидылгалалоз Аҟәа аҭаара.
Иара убас лара илҳәеит изныкымкәа Аԥсныҟа дшаахьаз, ланду ара дшынхоз, уажәгьы лыуацәа Аԥсны ишыҟоу.
1990-тәи ашықәсқәа раан Маргарита Симониан ареспубликахь журналистк лыҳасаб ала даахьан аԥсуа жәлар рхьыԥшымраз рықәԥара аӡбахә аҳәаразы.
Аԥсны
Симониан Аԥсны жәлар ҭабуп ҳәа ралҳәеит Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ҷыда иахьадгылоу
Маргарита Симониан Аԥсныҟа дааит лыԥшәма арежиссиор, апродиусер, асценарист Тигран Кеосаиан длыцны хәажәкыра 29 рзы. Ара рыҟазаараан атәыла ахада иԥылара адагьы Урыстәылатәи ажурналистцәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр ҿыц аартра иалахәхоит.
Аԥсны
Бжьаниа амедиагәыԥ "Россия сегодня" аиҳабы Маргарита Симониан дидикылеит