Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Симониан Аԥсны жәлар ҭабуп ҳәа ралҳәеит Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ҷыда иахьадгылоу

© Sputnik / Томас Тхайцук Встреча Маргариты Симоньян и Аслана Бжания
Встреча Маргариты Симоньян и Аслана Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҩашаҽны дидикылеит амедиагәыԥ "Россия сегодня" аиҳабы Маргарита Симониан.
АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иԥылараан Аԥсны жәлар Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ҷыда иахьадгылоу азы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.
Лара илҳәеит Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы анеиааира дшахьӡаз, дыздырыз ауаа леигәырӷьан ишылԥылоз.

"Ҳара ҳгәы иахәоит шәыуаажәлар лахҿыхӡа, рыблақәа ҭгәырӷьаауа иахьаҳбо. Ҳара иаадыруеит шәара шәтәылауаа, урҭ ҳаргьы иаҳтәылауаауп, уажәы Украина ашьакаҭәара ишаҿу, аоперациа ҷыда ишалахәу. Хымԥада, ҳара - Урыстәыла атәылауаа раҳасабала - иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит уи азы, Анцәа иҳәааит аӡәгьы ԥырхага рымамкәа арҭ ахҭысқәа ирылҵырц, уа иҟоу аҭагылазаашьа аҭыԥ иқәҵаны еибга-изҩыда аҩныҟа ихынҳәырц. Агәымшәареи афырхаҵареи рыгымзааит! Иахьынӡауа ала ацәыӡқәа маҷхо Анцәа иҳәааит", - лҳәеит Симониан.

Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада иазгәалҭеит Аԥсни Урыстәылеи "шьаҿеиқәшәала, рыжәҩа еибыҭаны аҿиара амҩа еицаныслар шакәу".
Маргарита Симониан Аԥсныҟа дааит лыԥшәма арежиссиор, апродиусер, асценарист Тигран Кеосаиан длыцны хәажәкыра 29 рзы. Урыстәылатәи ажурналистцәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр ҿыц аартра иалахәхоит.
Встреча Маргариты Симоньян и Аслана Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2022
Аԥсны
Бжьаниа амедиагәыԥ "Россия сегодня" аиҳабы Маргарита Симониан дидикылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0