Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар Украина Арбџьармчқәа рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥыржәеит

Урыстәыла Украина арратә операциа ҷыда иалагеит жәабран 24 азы. Уи аахыс урыстәылатәи ар иҭадырхахьеит 200 ҳаирплани вертолиоти, 309 БПЛА, 1721 танк.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Житомиртәи аобласт аҿы амҵәыжәҩа змоу аракетақәа "Калибр" рыла Украина Арбџьармчқәа рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥыржәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иганы.

"Амҵәыжәҩа змоу аракета ҷыдақәа "Калибр" рыла Житомиртәи аобласт, аиланхарҭақәа Ушомири Весиоловкеи рҿы аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥжәоуп", - иҳәеит Конашенков.

Иара убасгьы иҳәеит хәажәкыра 28 рзы ишкажьыз ҩ-ҳаирпланк Су-24 – Коростень, ҳаирпланк Су-25 – Дружковка, Донецктәи аобласт, Ми-8 – Мариуполь, аԥырҩы дызҭам ахархәага – Чернобаевка.
Конашенков иҳәеит уахыки-ҽнаки рыла ааха шрыҭоу 41 обиект. Уахь иаҵанакуеит зныкҟьара ихысуа ареактивтә системақәа ҩба, адәынтәи џьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба, аибашьыгатә техника аргыларҭақәа 24.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи авиациа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аҳаирпланқәа хәба карыжьит
Урыстәыла Украина арратә операциа ҷыда иалагеит жәабран 24 рзы. Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәеит хықәкыс ишимоу Украина абџьарахыхреи Донбасс ауааԥсыра рыхьчареи.